Атәыла ахада: азинхьчаратә система хра амам

© Sputnik / Томас ТхайцукЕжегодное послание президента народному собранию
Ежегодное послание президента народному собранию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь Аԥсны Ахада есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы далацәажәоит атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа, аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәии адәныҟатәии политика ахырхарҭақәа, аекономика, атәылахьчара, агәабзиарахьчара, аҵара, акультура, аенергетика, атуризм уҳәа рҟны иқәгылоу азҵаарақәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь есышықәсатәи анашьҭымҭа ҟаиҵеит. Анашьҭымҭаҟны иазгәеиҭеит иахьа аус зуа азинхьчаратә система аусура хра аманы ишыҟам.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: ақыҭанхамҩа иазоужьхоит 200 миллион рҟынӡа аԥара

"Иҳәатәуп аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа рструктура аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа зегь рыҩныҵҟа акык-ҩбак ракәымзар ишыԥсахым. Амилициа аусура ҳәаақәызҵо азакәанԥҵара иахьатәи аҭахрақәеи аҭагылазаашьеи ирықәшәо иҟам", — иҳәеит иара.

Ахада ААР (МВД) анапхгара рнапы ианиҵеит егьырҭ азинхьчаратә органқәеи, адепутатцәеи, ауаажәларреи рыцырхыраан амилициа азакәан ҿыц апроект Апарламент ахь инаргарц.

"Азакәан ҿыц атәылауаа ринтересқәа еиҳа иахьчартә еиҿкаатәуп. Ауаажәларра рҟны амилициа аусзуҩ аҽакала, ҳаҭырла изныҟәо ишьақәыргылатәуп", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада ихымԥадатәны иазиԥхьаӡоит ААР (МВД) аилазаара аттестациа иахыжьтәуп ҳәа.

Ежегодное послание президента народному собранию - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: иааидкыланы иугозар, 2017 шықәса цәгьамкәа имҩасуеит

"Иҵарны иқәгылоуп аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа рматериал-техникатә еиқәыршәара азҵаара, амилициа аусзуҩцәа ԥарала реиқәыршәареи рсоциалтә хьчареи", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иара убасгьы иҳәеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рмаҵзурауаа ралхра аиндаҭларатә ҵаҵӷәы аманы иҟазар шахәҭоу.

Ари, Аԥсны Ахада Апарламент ахь аҩбатәи инашьҭымҭоуп. Актәи инашьҭымҭаан, 2016 шықәса рзы.

Ауснагӡатә амҩаԥысра иалахәуп: адепутатцәа, аминистррақәа рхадацәа, араионқәеи ақалақьқәеи реиҳабацәа, араионтәи ақалақьтәи еизарақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0