Ҳаџьымба аԥсшьаҩцәа ирызку аԥгаԥсазы: аҳәынҭқарра мап ацәнакуам

© Sputnik / Томас ТхайцукИтоговая пресс-конференция президента Абхазии
Итоговая пресс-конференция президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны иҳәеит атәымтәылауааи урҭ равтотранспорти аԥгаԥса рзура аҳәынҭқарра мап ацәнакуам ҳәа.

Второй тур парламентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба атәыла ахадас иҟаларазы: аамҭа иаҳнарбап

"Аԥгаԥсамҩаԥгара Аԥсны азы мацара акәым егьырҭ аҳәынҭқаррақәа жәпакы рзгьы актуалра аҵаны иҟоуп. Иара азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгатәуп. Ҳара ҳахь ԥынгыла рымамкәа ауаа аартә еиԥш иҟазҵо аԥҟаррақәа ҳрықәныҟәалароуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит атуристцәа реиҳараҩык атәылахь рхатәы автотранспорт ала ишаауа, убри инадҳәаланы урыстәылатәии аԥснытәии аԥгаԥсатә органқәа аимадара бзиа рыманы иҟазароуп ҳәа.

"Акурорттә шәахтә акәзар, уи атема ҳалацәажәахьеит. Иахьынӡаздыруа ала уи атема иалацәажәахьеит Нхыҵ Кавказ, аха уаҟа атурист итәылаҟны иҟоу акурорттә обиектқәа роуп дызҭаауа. Атурист акурорттә шәахтә ишәо имшәо урҭ аобиектқәа рҭаара иаԥырхаганы иҟам", — иҳәеит иара.

Итоговая пресс-конференция президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: ҳхатәы лшамҭақәа еиҳа-еиҳа еиҳахоит

Аҳәааҟны акурорттә шәахтә амҩаԥгара макьаназы изаацәоуп ҳәа ахиҳәааит Ҳаџьымба.

Иагьазгәеиҭеит атурист иаара иаԥырхагамзар иахәоны ишимбо.

2014 шықәса абҵарамзазы, Ашықәс ҿыц аламҭалази атәыла Ахадас иҟазаара 100-мш ахыҵреи инарыдҳәаланы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит раԥхьатәи апресс-конференциа ду. 2016 шықәса ԥхынҷкәын 27 рзы Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аҩбатәи апресс-конференциа ду.

Ажәабжьқәа зегьы
0