Рауль Ҳаџьымба: Егрытәи аҳазалхырҭа Аԥсны аџьармыкьа ахьчароуп

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны иҳәеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа атауарқәа рахыгара хылаԥшра аҭатәуп ҳәа.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит аҳазалхратә ҭыԥ аибашьра анеилга ашьҭахьҵәҟьа аусура ишалагаз, аха нас ишадыркыз.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Приморск ақыҭан иҟалаз аԥжәаразы: аекспертиза амҩаԥгара иаҿуп

"Қырҭтәылеи ҳареи аҳәынҭқарратә економикатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵоит ҳәа ҳҳәом, аха урҭ рыбжьарҵеит абри аҭыԥ аҿы аус зуа ауаа", — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит аӡәгьы изы ишымаӡам қырҭтәыла аҳәаа иахыганы Аԥсныҟа атауар шҭаргало, ареспублика аџьырмыкьақәа зегьы рыҟны Қырҭтәыла иҭрыжьуа атауар инаркны ишырҭиуа.

"Избан ҳара уи азын зыҟаҳҵара, џьоукы усеиԥш алшарақәа зраҳҭара", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа ишиарго аҳазалхратә шәара зықәҵо араса.

"Ари атема макьаназы иаартны ишыҟоу иаанхоит ҳшалацәажәақәахьоугьы. Дара рҟынтәи иааргои ҳара ҳҟынтәи иргои атауарқәа рыхәԥсақәа еибакапануеит ҳәа ҳазҳәом. Ҳара ҳцәыӡ акыр еиҳауп. Убри азы арҭ азҵаарақәа иныҭкааны ирылацәажәатәуп", — иҳәеит иара.

2014 шықәса абҵарамзазы, Ашықәс ҿыц аламҭалази атәыла Ахадас иҟазаара 100-мш ахыҵреи инарыдҳәаланы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит раԥхьатәи апресс-конференциа ду. 2016 шықәса ԥхынҷкәын 27 рзы Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аҩбатәи апресс-конференциа ду.

Ажәабжьқәа зегьы
0