Аԥсаӡ азы ахәмарга-саркьалыхқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМастерская елочных игрушек
Мастерская елочных игрушек - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абар, аа-шықәса ирықәуп Аҟәатәи астудиа "Артель" асаркьа иалхны аԥсаӡ азы ахәмаргақәа ҟарҵоит. Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадри Есиава иҽазишәеит "Артель" аҟазауаа рнапкымҭа рыцҟаиҵарц.

Sputnik, Бадри Есиава

Ахәмаргақәа рыҟаҵашьа афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>>

Аҟазарҭа ауада цәыҵлашьца аҩныҵҟа зқьы рҟынӡа градус змоу арԥхага адыркуеит. Уи ахархәарала асаркьа ҵаӷа ишуҭаху унапы иацныҟәартә иҟарҵоит аҟазауаа. Дмитри Даниулов асаркьарчҩыс аус иуеит ԥшьы-шықәса. Абри аамҭазы иара уи амаӡақәа зегьы ныҭкааны иҭиҵааит, ибзиангьы идыруеит ибашоу асаркьа ҟәамҟьа аныҳәатә ссир шалихыша.

Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵашьа амҩа

"Ҳус аҿы зегь раасҭа иуадаҩу аамҭа ақәшәароуп. Асаркьа рацәак уцныҟәара зҭахым материалуп. Аамҭа уацәыхҟьеит – иҟауҵаз каужьроуп. Асаркьа знык ирԥханы, нас иурхьшәашәар акгьы узалхӡом", — иҳәоит иара.

Амастер-класс ашьҭахь аҟаза инапхгарала Sputnik Аԥсны акорреспондентгьы иҽазикит аныҳәатә ԥсаӡ азы ахәмарга ссир аҟаҵара. Даниулов ишиҳәозҵәҟьа зегь ҟаҵан: амцагьы ишахәҭаз иеибакуан, асаркьагьы ишақәнагаз ихыгьежьаауан, аха хәбаҟа секунд ааҵхьаны асаркьа хәаш-хәаша ицоит.

"Егьухарам. Асаркьа малырк амазар акәхап. Аҽазныкгьы уҽазышәеи", — иҳәоит аҟаза.

Аҩбатәи аҽазышәарагьы алҵшәа уаргәырӷьартә еиԥш изыҟамлеит. Мап. Асаркьа ԥымҽит, аха иалҵыз уаргәырӷьомызт. Уигьы кажьтәхеит. Ахԥатәи ишырҳәо еиԥш анцәа игәаԥхарала иманшәалахароуп. Абар, абар зегьы ишахәҭоу еиԥш иҟаларц акагымкәа ирчыз апышҭа аакьынааит. Асаркьарчҩы иус ауадаҩра адагьы ашәарҭарагьы амоуп иҳәоит Дмитри Даниулов. Иара изныкымкәа инапқәа ибылхьеит, изныкымкәа ицәыԥҟахьеит.

"Асаркьа апышҭақәа рыдагьы иалухыр алшоит еиуеиԥшым амультфильмқәа рперсонажқәа, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа рсахьақәа, ачысмаҭәа", — иҳәоит Даниулов.

Сбор урожая хурмы. - Sputnik Аҧсны
"Аԥсуа лакә" аалыҵ: ашоколад зхьыршоу ахәырма

Асаркьарчра ҟазароуп иҳәоит ҳаԥшәма, иагьиҳәеит гәҭакны ишимоу аинтериертә маҭәарқәеи ачысмаҭәеи рыҟаҵарахь диасырц. Уи азы зегь ҟаиҵахьеит. Лассы аҭыԥантәи адәқьанқәа рҟны ицәырҵраны иҟоуп еиуеиԥшым анаплакытә маҭәарқәа. Даниулов иҳәеит ахәмаргақәа ҩнык аҟны аԥсаӡ ахьдырԥшӡо, хәыҷқәак ахьдыргәырӷьо игәы ишазнарҳауа. Иара ихаҭа ҩыџьа ахәыҷқәа имоуп. Урҭ рзоуп раԥхьатәи ихәмаргақәагьы зыҟаиҵаз.

Асаркьарчҩы иҟынтәи ҳара ҳнеиит урҭ иаабац апышҭқәа рҟынтәи ассирқәа ахьыҟарҵо аҭыԥ ахь. ААУ аҟазара афакультет астудентцәа ҳмаҵзуразы ахәмарга арԥшӡара иақәшаҳаҭхеит. Уи аҟаҵашьа атәгьы ҳзеиҭарҳәеит. Аҭыԥҳацәа ҳахәмарга ахьӡыркрадагьы Sputnik Аԥсны алогатип шәзақәҳаргылоит рҳәеит. Ҳаргьы ҳақәшаҳаҭхеит.

"Аилазаара ҷыда апышҭа аҩныҵҟа иҭаҳҭәоит иарцәаакырцаз. Нас уахь иҭаҳаԥсоит ацырцыр-ҽыҭқәа, анаҩс еилаҳарҩынтуеит", — ҳәа ҳзеиҭалҳәоит Фарида Сангәлиаԥҳа.

Салима Барцыцԥҳаи Камилла Арышԥҳаи ҳлогатип апышҭа ақәырҷабра напаларкуеит, нас бант ԥшӡала ихыркуеит. Хәбаҟа минуҭ рышьҭахь ахәмарга хиоуп.

"Sputnik, ҽаанбзиала", — лҳәоит ҳмаҵзура ашықәс ҿыц адныҳәало Камилла.

Аҭыԥҳацәа иазгәарҭоит рус бзиа ишырбо, аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵара рнапы ахьалаку ишеигәырӷьо.

Астудиа "Артель" адиректор ихаҭыԥуаҩ Альдона Адлеиаԥҳа еиҭалҳәоит аныҳәатә хәмаргақәа рырхиара абҵарамза инаркны ишалаго.

"Ҳара ҳҟны ахәмаргақәа аҿарҵоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, акоммерциатә еиҿкаарақәа, ауааԥсыра", — лҳәоит Альдона.

Иара убасгьы иҟоуп есышықәса аныҳәатә хәмаргақәа аҿазҵогьы, рхәыҷқәа рсахьақәа ҭасаны. Аԥсаӡ хәмаргақәа рыхәԥса иара иадҵоу аџьабааи адура-ахәыҷреи ирҿырԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0