Аԥсны Амилаҭтә банк уаанӡатәи аиҳабы Даур Барганџьиа ихы дақәиҭтәуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание суда по рассмотрению ходатайства следствия об аресте подозреваемого в хищении денежных средств у В. Этуша
Заседание суда по рассмотрению ходатайства следствия об аресте подозреваемого в хищении денежных средств у В. Этуша - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк уаанӡатәи аиҳабы Даур Барганџьиа даанкылан 2017 шықәса рзы, актиор Владимир Етуш иашшра инамаданы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Даур Барганџьиа аӡбарҭа азал аҟынтәи ихы дақәиҭыртәит ҳәа аалыцҳаит идукат Марина Чижова. Абри азы адырра ҟанаҵоит РАПСИ.

Москва ақалақь твертәи аӡбарҭа иадгалан Даур Барганџьиа иаанкылара аҿҳәара иацнаҵарц, аха азыҳәа шьҭахьҟа иахьыргьыжьыз азы Даур Барганџьиа ихы дақәиҭнатәит.

Адукат Марина Чижова аҳәамҭа ҟалҵеит зинтересқәа лыхьчо Даур Барганџьиа актиор Владимир Етуш иҿаԥхьа иуалԥшьақәа зегьы неигӡеит ҳәа, убри азы иара ишьҭазаара азакәан ҵаҵӷәы аманы иҟам ҳәа илыԥхьаӡоит.

2017 шықәса абҵарамзазы Владимир Етуш иԥшәмаԥҳәыс РИА Новости ахь адырра ҟалҵеит Даур Барганџьиа иқәыз аԥарақәа зегьы ирхынҳәит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0