Маланӡиа: Аԥсны иҟоу амшә цәышәшәқәа шәарҭам

© Sputnik / Томас ТхайцукМедведь Балу в семье Ченгелия
Медведь Балу в семье Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказтәи аҳәырԥсарраҟны иахьазы иҟоуп 150 инарзынаԥшуа амшә цәышәшәқәа. Урҭ сынтәатәи аӡынразы абжьааԥнеиԥш рхы мҩаԥырымгеит, имыцәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа амшәқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, уажәы урҭ рыхәҭак егьырҭ арегионқәа рахь ииасуа иалагеит иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, абиологиатә наукақәа ркандидат Виктор Маланӡиа.

"Ашәарах анырацәоу аисара роуеит. Кавказтәи аҳәырԥсарреи Риҵатәи амилаҭтә парки, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарреи рҳәаақәа еидуп. Амшәқәа, абӷаџьмақәа, абқәа уҳәа арҭ аҳәырԥсаррақәа рҟны инеиҭаҵ-ааиҭаҵуа ибжьоуп. Уажәы амшәқәагьы аҩадатәи ахәқәа рахь ихалоит", — иҳәеит иара.

Виктор Маланӡиа иажәақәа рыла амшәқәа рҟынтәи иҟоуп аӡынразы ишькнымԥсыло.

Ажәқәагьы аӡын ахьҭа иакуеит - Sputnik Аҧсны
Ажәқәагьы аӡын ахьҭа иакуеит

"Иҟалоит ашәарах чмазаҩызар, ахьаа амазар. Аӡынра аныԥхарроугьы ус акәхоит, усҟан дара афатә аԥшаарагьы рцәыуадаҩӡам", — иҳәоит Маланӡиа.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла аԥснытәи амшәқәа нхыҵҟа рцара сынтәа ахьеи аџьи рымира иахҟьазар алшоит.

"Ацәа рҽанарҭо аламҭалазы амшәқәа ашша рықәырҵоит. Рыкрыфара дууп. Ашша аӡынтәи ахьҭақәа рҟынтәи иахьчоит. Ашша ззымхаз амшә зынӡа имыцәар алшоит, ицәаргьы ахьҭа иакны иԥсыр ауеит", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Виктор Маланӡиа ишеиҭеиҳәаз ала кавказтәи амшә цәышәшәы ауаа рахь шамахамзар, ахы цәырнагом, иара шьха шәарахуп.

"Аиҳарак иара зԥырхагахар ауа амхыҭрақәа роуп. Аԥшаӡа акыр бзиа иабоит. Уи аангьы иафо аасҭа иашьаҽуа еиҳауп", — иҳәеит Маланӡиа.

Амшә цәышәшәа шамахамзар Камчатка инаркны Атлантика аԥшаҳәаҟынӡа иҟоуп.

"Европатәи атәылақәак рҿы абнақәа ахьмаҷхаз иахҟьаны амшә цәышәшәы аныӡааит. Иара ыҟоуп Аҩадатәи Америкагьы. Амшә абри ахкы еиҳа идуу ахьану Мрагылара хара абнақәа рҿоуп", — иҳәеит иара.

Маланӡиа иазгәеиҭеит аԥсуа мшәқәа егьырҭ иара аҩызцәа ишреиԥшым.

"Америкатәии мрагыларахаратәии амшәқәа рлеишәа цәгьазар, иқәылаҩцәазар, кавказтәи амшә ауаҩы иқәлом, иԥырхагам. Аиҳаракгьы уи алеишәа аныцәгьо амшәҳәыс анацу, ианычмазаҩу, мамзаргьы ианхәу ауп", — иҳәеит Маланӡиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0