АҶА аусзуҩцәа аммиак зҭаз абаллонқәа реилажьырҭа Аҟәа ирбеит

© Sputnik Сария КварацхелияСвалка аммиачных баллонов на окраине Сухума в районе Маяка
Свалка аммиачных баллонов на окраине Сухума в районе Маяка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аммиак зҭаз абаллонқәа рыӡбахә Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аҷаԥшьаратә хәҭахьы ианнеи ашьҭахь уи аҭыԥахь ицеит амаҵзура аусзуҩцәеи ажурналистцәеи.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аммиак зҭаз абаллонқәа реилажьырҭа ақалақь акалҭ аҟны, Баслаҭа ақыҭаҿы ирбеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Утилизация баллонов с хлором - Sputnik Аҧсны
АҶА аусзуҩцәа ахлор зҭоу абаллонқәа рықәгара хдыркәшеит

Баслаҭа ақыҭан, еилабгахьоу хыбрак ааигәара иԥшаан 51 инарзынаԥшуа асовет аамҭақәа рзы иҭыжьыз аммиакҭрақәеи 57 рҟынӡа аҭырқәаалыҵ иеиуоу абаллонқәеи. Абаллонқәа "Аmonyak" ҳәа адырга рыман.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәеи ахимик-дозиметрист Ольга Пустоваровеи аҭыԥ аҟны ишьақәдыргылеит абалонқәа рҟны ахимиатә маҭәашьар шыҟам, ауаа рыԥсҭазааразы шәарҭара шрымам.

"Абаллонқәа ирну адыргаҩыра иунарбоит аммиак шырҭаз. Аммиак – химиатә маҭәашьаруп. Уи ауаҩы иԥсҭазааразы ашәарҭара амоуп, аха абаллонқәа уажәазы иҭацәуп. Ус анакәха урҭ урыцәшәартә иҟам", — лҳәеит ахимик-дозиметрист.

Аграждантә хьчареи хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи рыҟәша аиҳабы Маврик Амҷба иажәақәа рыла абаллонқәа ахархәаразы ихәарҭам, урҭ зеизыркыз аметаллалом ахь рыҭаразы акәзар ҟалоит.

"Баллонк амаҵзуратәаамҭа 40 шықәса инаӡоит. Арҭ абаллонқәа заҟа шықәса рхыҵуа аҳәара уадаҩуп, ус уахьрыхәаԥшуа акыр иқәсхьеит. Иахьазы абаллонқәа рхархәара ауаҩы иԥсҭазааразы ашәарҭара рыцуп", — иҳәеит иара.

Абаллонқәа закәандарыла ркажьра азы аинформациа АҶА инанашьҭуеит Апрокуратура хадахьи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахьи.

Аммиак – иԥшшәыдоу газуп, афҩы ҷыда амоуп. Аммиак аԥсыԥлагаҩагараан ишәарҭоуп, ула ихылар алшоит, арацәараан аԥсыҭбара ахҟьар ауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0