Апрокуратура: атурист Андреи Лихачев мчымхарыла дшьымызт

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура г. Сухум
Прокуратура г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атурист Андреи Лихачев иԥсыбаҩ рбеит жьҭаара 15 2017 шықәса рзы ашьхараҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аӡбарҭа-медицинатә експертиза алкаақәа инарықәыршәаны ишьақәыргылоуп Урыстәылатәи атурист Андреи Лихачев мчымхарыла иԥсра шыҟамлаз. Абри атәы иҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аҟәа араион апрокуратура аусҭҵааҩ Алхас Пандалион.

МЧС Абхазии: пропавший в горах турист был знаком с маршрутом - Sputnik Аҧсны
Иӡыз атурист иан: сԥа иԥсыбаҩ акәӡам Аԥсны ашьхараҿ ирбаз

"Иԥсра машәырла иҟалеит. Абри аганахь ала аусҭҵаарақәа мҩаԥган, агәаҭарақәа ҟаҳҵеит", — иҳәеит иара.

Аӡбарҭа-медицинатә експертиза мҩаԥган Аҟәа, жьҭаара 18 2017шықәса рзы ҳәа азгәеиҭеит Алхас Пандалион.

2017 шықәса ԥхынҷкәын 8 — 26 рзы, Москватәи аобласт аҳәынҭқарратә биуџьеттә еиҿкаара "Бюро судебно-медицинской экспертизы" аҟны имҩаԥган агенетикатә експертиза.

"Аекспертцәа ргәаҭарақәа рышьҭахь ишьақәыргылан аԥсыбаҩ зтәу Лихачева М.А. лԥа Лихачев А. шиакәу 99,99992% рыла ишьақәырӷәӷәоуп ҳәа", — иҳәеит Пандалион.

Андреи Лихачев иԥсыбаҩ иҭаацәа ирыҭоуп анышә иамадаразы. Москватәи аобласт аҟны инхоз Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Лихачиов иԥшаара акраамҭа иаҿын Аԥсны АҶА аусзуҩцәа.

"Ҳара иара дахьынхоз ақалақь Раменски аҟынтәи аинформациа ҳауит ԥхынгәы 9 рзы аҳәаа иахысыз Андреи Лихачев ихабар ыҟам ҳәа", — иҳәоит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз. Атурист иԥшааразы ахархәара рыҭан АҶА иамоу алшарақәа зегьы. Уахи-ҽни авиациа рыцырхырааны аминистрра аусзуҩцәа иԥшаара иаҿын.

2017 шықәса ԥхынгәымзазы хабарда ибжьаӡыз урыстәылатәи атурист Андреи Лихачев иԥсыбаҩ ауп ҳәа агәаанагара ззыҟоу аԥсыбаҩ ибеит аҭыԥантәи анхаҩы Роман Сақаниа, Аҩадатәи Кьылашәыртәи амҩа ԥшьбаҟа километра инацәхыкны аамҭа акыр цахьаны. Аԥсыбаҩ ашьхарантә жьҭаара 16 рзы Аҟәаҟа аморг ахь илбааргеит, агенетикатә експертиза амҩаԥгаразы. Аԥсыбаҩ зтәыз дудырыртә иҟамызт.Иаҭаххеит ДНК аекспертиза амҩаԥгара.

Андреи Лихачев иԥсы ҭаны аҵыхәтәаны дырбеит ԥхынгәы 11 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0