Адиректор: ашкол аҟны афымцацәаҳәақәа рыԥсахуеит

© Sputnik Томас Тхайцук10 школа.
10 школа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи абжьаратә школ №10 аҟны амцакра аҭыԥ аман аԥшьаша, ажьырныҳәа 25 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи абжьаратә школ №10 аҟны амцакра аҭыԥ аман аԥшьаша, ажьырныҳәа 25 рзы. Абри ашьҭахь ҳкорреспондент дзыҿцәажәаз ашкол адиректор Аида КәарҷеАшкол лиаԥҳа лажәақәа рыла афымцацәаҳәақәа рыԥсахраны иҟоуп.

Возгорание в 10-ой школе - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны амцакра ҟалеит

"Афымцацәаҳәақәа амцакра ашьҭахь иԥсахуп. Аклассқәа рҟны иԥхарроуп. Ажьырныҳәа 29 рзы аҵара Аусбарҭа аиҳаби ақалақь Ахадеи ашкол аҿы иҟан. Урҭ ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҟарҵаз адгыларазы. Дара ажәа ҳарҭеит ашкол зегьы аҟны иажәыз афымцацәаҳәақәа шырыԥсахуа ала", — лҳәеит адиректор.

Ашкол аиҳабы лыҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Амцакра ԥхасҭа дук ҟанамҵеит лҳәеит адиректор. Аҟәатәи ашкол №10 аҟны амцакра шыҟалаз азы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррахь аҭел иасит аԥшьаша, ажьырныҳәа 25 асааҭ 11.02 рзы.

Амца ахы акит аҩбатәи аихагылаҿы. Афымцатә шьчит амца акит. Алҩа хачлеит, амца алаӷәрахьы ихалеит. Аҭыԥ ахь инеиз амцарцәаҩцәа жәабаҟа минуҭ рыҩныҵҟала амца дырцәеит", — аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭара.

Ашкол аҩныҵҟа иҩназ аӡәгьы ԥырхага имоуит. Ашкол адиректор илҳәеит аҵаҩцәа ишырзеиҭаҳәоу амцакра ҟалар рхы шымҩаԥыргаша атәы. АҶА адыррақәа рыла амцакра афымцатә ҳа иаиуз ахьанҭара иахылҿиаазар ҳәа агәҩара ыҟоуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0