Рауль Ҳаџьымба усуратә визитла Адыгатәыла даҭааит

© Sputnik Саид БарганджияПрезидент Р. Д. Хаджимба
Президент Р. Д. Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба усуратә визитла Адыгатәыла даҭааит, уи ахада Аслан Ҭҳакәушинов иҟаиҵаз ааԥхьара ала.

АҞӘА, хәжәк 18 – Sputnik. Адыгеиа ахада Аслан Ҭҳакушинови аԥыза-министр Мураҭ Кумпилови Рауль Ҳаџьымба хадара ззиуа Аԥсны аделегациа ирԥылеит Адыгатәылеи Краснодари радминистративтә ҳәаа аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Адыгатәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәыз аул Галтукаи иаҭааны Аԥсны Афырхаҵа Адам Хәаде ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит. Уи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз сыешьаратә жәлар сыхьчоит ҳәа зхатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа дыруаӡәкуп. Дҭахеит Афырхаҵа нанҳәамза 26, 1992 шықәсазы.

"Ҳара ҳгәы аладууп ҳаешьаратәии ҳаиҩызаратәии еизыҟазаашьақәа – урҭ аамҭа иԥнашәахьеит. Ҳара ҳазхысыз аибашьра аан шәара шәҳавагылан. Ҳара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аамҭа аныцәгьаз ҳааигәа шәахьыҟаз азы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Адыгатәыла ахада  Аслан Ҭҳакәушинов иазгәеиҭеит Аԥсны ахада ихаҭа аибашьра дшалахәыз атәы.

Аслан Ҭҳакушинов алҵшәа бзиа амоуп ҳәа иԥхьаӡоит ааигәа Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра. Уи игәаанагарала аиқәшаҳаҭра алшара ҟанаҵцоит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырҿиаразы.

Ҳаџьымбеи Ҭҳакәушинови иахьазы иазгәаҭоу реиԥылараҿы иалацәажәараны иҟоуп ҩ-республикак рполитикатә-економикатә, ркультуратә еизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа.

Аусуратә визит иалагӡаны иазгәаҭоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ранацәа рԥылара.

© Фото : предоставлено пресс-службой президента АдыгеиРабочий визит президента Абхазии Рауля Хаджимба в Республику Адыгея
1/2
Рабочий визит президента Абхазии Рауля Хаджимба в Республику Адыгея
© Фото : предоставлено пресс-службой президента АдыгеиРабочий визит президента Абхазии Рауля Хаджимба в Республику Адыгея
2/2
Рабочий визит президента Абхазии Рауля Хаджимба в Республику Адыгея
1/2
Рабочий визит президента Абхазии Рауля Хаджимба в Республику Адыгея
2/2
Рабочий визит президента Абхазии Рауля Хаджимба в Республику Адыгея

 

Ажәабжьқәа зегьы
0