Тибилов: Қарҭ рҽацәыргоит Аахыҵ Уаԥстәыла ақәымларазы ашәҟәы напаҵаҩра

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасра18 марта 2015. Президент Республики Южная Осетия Леонид Тибилов. Архивное фото.
18 марта 2015. Президент Республики Южная Осетия Леонид Тибилов. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Леонид Тибилов иазгәеиҭеит Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа иахьазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны излацәажәо темоуп.

АҞӘА, хәжәк 19 — Sputnik. Қырҭтәыла излауала ҳҽацәаҳгоит ҳәа иаҿуп Аахыҵ Уаԥстәыла ақәымларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Леонид Тибилов. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иахьазы Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи аизыҟазаашьа ҳәа акгьы рыбжьаӡам, аха уи ҳара ҳхарала акәӡам ус изыҟала", — иҳхәеит Тибилов ателеканал Россия 24 аефир аҟны.

Иара иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ишрылацәажәо.

Урыстәылатәи Афедерациеи Аахыҵ Уаԥстәылеи аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит

"Ҳара ажәалагала ҟаҳҵоит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсныи раганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла иаднакылар шакәу", — иҳәеит Тибилов.

"Иахьа иаҳбоит Қырҭтәыла ари азҵаара иацәцарц ишаҿу, ас еиԥш иҟоу азҵаара атәылақәа руак ацәцозар, егьи атәыла агәҽанызаара аиуеит арратә операциақәа еиҭарылагар ҟалоит ҳәа — абас иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада, Урыстәылеи дареи ааигәа ирыбжьарҵаз аусеицуреи аилаҵәареи рзы аиқәшаҳаҭра ахҳәаа азыҟаҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0