Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит афестиваль "Домбаитәи ахәылԥазқәа"

© Фото : Мадина ҶанбаАԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит афестиваль "Домбаитәи ахәылԥазқәа"
Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит афестиваль Домбаитәи ахәылԥазқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа жәашықәса ҵуеит афестиваль "Домбаитәи ахәылԥазқәа" Ҟарачы-Черкесск имҩаԥысуеижьҭеи.

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Нанҳәа 1 инаркны 3-нӡа, Ҟарачы-Черкесск, аԥсшьарҭатә ҭыԥ Домбаи имҩаԥысит Урыстәылазегьтәи амузыкатә фестиваль "Домбаитәи ахәылԥазқәа". Нхыҵ-Кавкази Урыстәылеи рҟынтә еиԥш, уи рхы аладырхәит Аԥснытәи ашәаҳәаҩцәагьы.

Аԥснынтә афестиваль рхы аладырхәит хҩык ашәаҳәаҩцәа: Ҳаџьараҭ Дасаниа, Наур Зарданиа, Андреи Гор. Афестиваль ахь ааԥхьара рыман Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ахра Кәакәасқьыр, Ахра Ԥачлиа, Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа Роланд Гамгиа, Дмитри Шларба.

Афестиваль аҟны ицәыргақәҵан амодельер-адизаинер Мадина Ҷанԥҳа илӡахыз, астилизациа зызуу аԥсуа милаҭтә маҭәақәа.

"Даара гәахәала исыдыскылеит  афестиваль "Домбаитәи ахәылԥазқәа" рахь ааԥхьара ахьсырҭаз. Сара сзы уи даара иҭакԥхықәран. Ҳаԥсуа милаҭтә маҭәақәа рӡыргара, ажәларқәа рыларҵәара-ари ҳатрадициақәа реихаҳароуп изызкыу. Иҭабуп ҳәа расҳәоит  Апсны аҿари  аспорти рзы ахеилак анапхгара,  Аҟәа амодақәа рыҩны аиҳабы Баҭу Арӡынба, уҳәа уахь ҳцара адгылареи ацхыраареи азҭаз зегьы", — лҳәоит Мадина Ҷанԥҳа.

Афестиваль иалахәыз Урыстәылатәи ашәаҳәаҩ  Виктор Петлиура, ҷыдала, Аԥснытәи ашәаҳәаҩ  Ҳаџьараҭ Дасаниа ианеишьеит адипломи, агәаларшәагатә ҳамҭеи. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи алахәцәа алшара рыман Домбаи аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара.

Афестиваль напхгара азыруеит Ҟарачы-Черкесскынтә-Шамиль Хәубиев, Аԥснынтә-Давид Дасаниа, апроект "Кавказ — ҳзеиԥш ҩны" аҳәаақәа ирҭагӡоуп. Афинанстә цхыраара аиҭоит абизнесуаю Назир Баичиаров.Сынтәа жәашықәса ҵуеит ари афестиваль Ҟарачы-Черкесск имҩаԥысуеижьҭеи.

"Хара имҩаԥаҳго афестиваль, ажәларқәа реибабареи, реимадареи рырӷәӷәара иазкыуп. Аԥхьаҟа, хымԥада, ари аус иҵегьы иацаҳҵоит. Ҳара иаҳбарҭоуп, афестиваль еиднакыло зегьы шаҟа агәыбылра рыбжьалаз, реиҩызара аҽшарӷәӷәаз", — ҳәа азгәеиҭеит Шамиль Баичиаров.

Аиҿкааҩцәа рыӡбарала, ҳаԥхьаҟа афестиваль Аԥсны имҩаԥысуеит.

© Фото : Мадина ҶанбаАԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит афестиваль "Домбаитәи ахәылԥазқәа"
Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит афестиваль Домбаитәи ахәылԥазқәа - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит афестиваль "Домбаитәи ахәылԥазқәа"
Ажәабжьқәа зегьы
0