Леонид Тибилов: Аԥсны ҳавагыламзар иаҳхаагаз зегьы ахгара уадаҩхон

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Республики Южная Осетия Леонид Тибилов (слева) и президент Абхазии Рауль Хаджимба
Президент Республики Южная Осетия Леонид Тибилов (слева) и президент Абхазии Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леонид Тибилови Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба хадас дызмаз аԥснытәи аделегациеи еиԥылеит.

АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла иалшо зегь ҟанаҵоит Аԥсни иареи рыиашьаратә еизыҟазаашьақәа ареспубликақәа рыҩбагьы ринтересқәа ирықәшәаларц. Абри атәы иҳәеит Леонид Тибилов, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба хадас дызмаз аԥснытәи аделегациеи данырԥылоз ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа инеиит амҽыша, Аахыҵ Уаԥстәыла республикак аҳасабала ишьақәгылеижьҭеи 25 шықәса аҵра инадҳәаланы еиҿкааз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәразы.

"Шәара раԥхьаӡа акәны Аахыҵ Уаԥстәылаҟа шәааит, бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит. Абарҭ ашықәсқәа зегьы ҳашьцәа шәҳавамгылазҭгьы, иҟаларын, иаҳхаагаз зегьы ҳалымшаргьы", — иҳәеит Тибилов.

Иара иазгәеиҭеит ареспубликақәа рыҩбагьы иалырхыз амҩа ацәхьаҵра азин шрымам.

"Ҳара ибзианы иаҳбарҭоуп Аԥсны иамоу ақәҿиарақәа. Даарагьы ҳаигәырӷьоит. Агәра згоит иҳаду аусдҵақәа зегьы рынагӡара ҳалшоит ҳәа" — иҳәеит Тибилов.

Рауль Ҳаџьымба Аахыҵ Уаԥстәыла Апрезиденти ажәлари ирыдиныҳәалеит рныҳәамш. Иазгәеиҭеит ареспубликаҟны ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзи аҭынчреи ахьыԥшымреи рзи ауасхыр ашьҭаҵара ишаҿу, иагьшрықәҿио.

"Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ҳәынҭқаррақәак рыҳасаб ала ишьақәгылеит, аҿиарагьы иаҿуп" — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит ареспубликақәа аҩбагь ишрыдгылоу Урыстәылатәи Афедерациа.

"Ҳамчқәа еибаҳҭап, ауадаҩрақәа зегьы ҳариааирц", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ахада.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба даҭааран дыҟоуп Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа, далахәхоит арратә парад, иара убасгьы – аныҳәатә концерт. Аконцерт иалахәхоит Аԥсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын".

Ажәабжьқәа зегьы
0