Аԥснытәи адокументалтә фильмқәа Мурманск акинофестиваль иалахәуп

© flickr.comАкинозал
Акинозал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра иҭнахыз адокументалтә усумҭақәа хԥа Мурманск есышықәса имҩаԥысуа акинофестиваль "Северный характер" иалахәуп.

АҞӘА, абҵ 28 — Sputnik. Ада Квираиа лфильм "Анқьаԥышҭарч иақәҭәоу аҭыԥҳа", Асҭанда Қьецба лдокументалтә фильм "Аибашьра аҭоурых. Рудик Тәанба", аԥсуа жәлар рыхәмарра иазку  Адгәыр Гәынба ирепортаж "Ахылԥахас" акинофестиваль "Северный характер" иалахәуп — абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аконкурс алахәылацәа руаӡәк Адгәыр Гәынба.

Драмтеатр - Sputnik Аҧсны
Площадь у драмтеатра в 3D

"Ҳара ҳзы ихадоу аиааира аҵкыс акинофестиваль алахәхара ауп, избанзар раԥхьаӡакәны ҳҽалаҳархәуеит. Акинофестиваль жәларбжьаратәуп, акинофильмқәа раҳакыра дууп. Акинофестиваль иалахәу атәылақәа иреиуоуп: Швециа, Норвегиа, Финлиандиа, Франциа, Урыстәыла. Иазгәасҭарц сҭахуп ҳара ҳзы ихадоу амомент: Аԥснытәи аусумҭақәа зегьы аԥсышәала иҟоуп англыз субтитрқәа ацҵаны", — иҳәеит Адгәыр Гәынба.

VII жәларбжьаратәи акинофестиваль "Северный Характер" аартын абҵара 27 Киров ихьӡ зху Мурмансктәи Акультура Ахан аҟны. Ҩымш ирылагӡаны ажиури ахәаԥшуеит аконкурс иалахәу аусумҭақәа, урҭ рҟынтә иреиӷьқәоу алыркаауеит. Акинофестиваль хыркәшахоит абҵара 29 рзы.Есышықәсатәи акинофестиваль "Северный Характер" бжьышықәса ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи.

"Виртуальная Абхазия": панорама лестницы и водопада

 

Ажәабжьқәа зегьы
0