Акәашаратә ансамбль "Абаза" жәларбжьаратәи афестиваль иалахәхоит

© Sputnik Сырма АшәԥҳаАкәашаратә ансамбль "Абаза" жәларбжьаратәи афестиваль иалахәхоит
Акәашаратә ансамбль Абаза жәларбжьаратәи афестиваль иалахәхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса Ҭырқәтәыла имҩаԥысуа акәашаратә фестиваль сынтәа иаҭаауеит 43 ҳәынҭқарра рҟынтә акәашаратә ансамбльқәа.

АҞӘА, мшԥ 15 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ахәытәы акәашаратә ансамбль "Абаза" ааԥхьара арҭеит мшаԥымза 21 инаркны 26-нӡа Ҭырқәтәыла, Қоџьаели ақалақь аҟны имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи акәашаратә фестиваль иалахәхарц, ҳәа ааицҳауеит ансамбль абалетмеистер Алықьса Аршба.

Есышықәса Ҭырқәтәыла имҩаԥысуа акәашаратә фестиваль сынтәа иаҭаауеит 43 ҳәынҭқарра рҟынтә акәашаратә ансамбльқәа.

Ансамбль "Абаза" Ҭырқәтәылаҟа рцараҿы ацхыраара ҟарҵоит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны жәларбжьаратәи афонд" ахада Сенер Гогәуа, ансамбль абалетмеистер Алықьса Аршба, ихьыԥшым асахьаҭыхыҩцәа реидгыла "Аԥсны-Арт" аиҳабы Ныгәзар Логәуа. Иахьа урҭ ауаа лыдылкылеит Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны жәларбжьаратәи афонд" ахада Сенер Гогәуа аминистр илзеиҭеиҳәеит ансамбль Ҭырқәтәылаҟа ацара ишазхиоу, аиҿкааратә усқәа рымҩаԥгара иахәҭоу аҩаӡара аҟынӡа ишҩагоу.

Абалетмеистер Алықьса Аршба иҳәеит ансамбль уажәтәи алахәцәа раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылаҟа ишцо.

"Афестиваль ахь ицо агәыԥ 19-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Уажәы иқәҳаргылараны иҟоу акәашарақәа аус рыдулара ҳаҿуп", — иҳәеит Аршба.

Акультура аминистр Ельвира Арсалиа ансамбль акәашацәа ақәҿиарақәа рзеиӷьылшьеит, иагьазгәалҭеитҬырқәтәыла имҩаԥысраны иҟоу афестиваль аҟны рықәгыларала ҳажәлар рмилаҭтә культура ахаҿра аарԥшра шрылшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0