Нальчик имҩаԥысраны иҟоу ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реизара Аԥсны алахәхоит

© Sputnik / А. Соломонов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтолица Кабардино-Балкарии Нальчик
Столица Кабардино-Балкарии Нальчик - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рышәҟәҩҩцәа ҿарацәа реизара мҩаԥысуеит ақалақь Нальчик цәыббра 25 инаркны 27-нӡа.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цәыббра 25-27 рзы Ҟабарда-Балкариа имҩаԥысуа Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рышәҟәыҩҩцәа ҿарацәа аабатәи реизара далахәхоит аԥсуа поет Дмитри Габелиа, лҳәеит аизара акоординатор Дариа Шомахова.

Иҭыҵит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа"

"Есышықәсатәи ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реизара иалагӡаны имҩаԥысуеит амастер-классқәа, апоезиа, апроза, акритика, алитератураҭҵаара рыла. Аԥсны есышықәса ааԥхьара аиуеит, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аҵыхәтәантәи ҩбаҟа шықәса ҳацәбжьахеит, аха егьырҭ аизарақәа, шамахамзар, ҳхы рылаҳархәуеит", — иҳәеит апоет Дмитри Габелиа.

Апоет иажәақәа рыла, ашәҟәҩҩцәа ҿарацәа реизара иалҵшәаны иалырхуеит Москва имҩаԥысраны иҟоу афорум ахь ирышьҭуа арҿиаҩцәа.

"Аизара алҵшәақәа рыла далкаахоит ҭагалан Москва имҩаԥысраны иҟоу ашәҟәыҩҩцәа рфорум ахь ицаша. Уи афорум еиҳа амҽхак ҭбаауп, уи иалахәхоит Урыстәыла еиԥш аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи урысшәала иҩуа арҿиаҩцәа", — ҳәа ациҵеит Габелиа.

Дмитри Габелиа иазгәеиҭеит, Нальчик имҩаԥысраны иҟоу ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реизара анхыркәшахалак ашьҭахь, уи иалахәхаз иреиӷьу аҩымҭақәа шәҟәны ишҭрыжьуа. Ас еиԥш иҟоу алитературатә еизарақәа аҵак ҷыда рымоуп, иҳәеит апоет.

"Аизара хәарҭоуп аҩымҭақәа рӡыргаразы, ҳаҩнуҵҟа имҩаԥысуа алитературатә процесс аарԥшразы, иара убас, зԥышәа ҳараку аҟазацәа рыбзоурала аҩымҭақәа реилыргара хәарҭара аҵоуп. Аизара иалахәу рҩымҭақәа ажәа-ажәала, цәаҳәа-цәаҳәала еилырганы ианудырбо уи даара ицхыраагӡоуп. Изыхҟьазаалакгьы, иахьа даара ихьысҳауп акритикеи, алитератураҭҵаареи", — иҳәеит Дмитри Габелиа.

Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рышәҟәыҩҩцәа ҿарацәа аабатәи реизара еиҿнакаауеит Москватәи Асоциал-економикатәии аинтеллектуалтә программақәеи рфонд.

Ажәабжьқәа зегьы
0