Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиубилеитә концерт

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны ахортә капелла
Аԥсны ахортә капелла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә хортә капелла 45-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҟәа, цәыббра 15 рзы.

АҞӘА, цәыббра 16 — Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҳәынҭқарратә хортә капелла 45-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҟәа, аҩаша, цәыббра 15 рзы.

Аиубилеитә программаҟны артистцәа ахәаԥшцәа ирыдыргалеит аклассикатә рҿиамҭа, адоуҳатә музыка, мексикатәии италиатәии ашәақәа, аурыс музыка. Аныҳәатә концерт асолистцәа иаадыртит Аԥсны Аҳәынҭқарра агимн ала.

Аԥсны ахортә капелла "Ахьӡ-аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара анашьоуп

Амузыкатә коллектив хкы рацәала адныҳәаларақәа аиуит акультура азҟазацәеи атәыла ахадареи рҟынтәи. Урҭ рыгәҭа иҟан Аԥсны жәлар ратист, адирижиор Нодар Ҷанба ивидео-адныҳәаларагьы.

Акапелла аԥҵара ахыҵхырҭаҟны игылаз аԥсуа композиторцәа хазынақәа ирыбзоураны иахьа иара иаарылукааша коллективны ишьақәгылоуп ҳәа азгәеиҭеит Ҷанба.

Иара иажәақәа рыла аҳәынҭқарратә хортә капелла асахьаркыратә напхгаҩы Нора Џьынџьалԥҳа қәҿиарала иацылҵоит акомпозиторцәа Алықьса Чычба, Ражьден Гәымба, Константин Ченгьелиа, Тото Аџьапуа, адирижиорцәа Вадим Судаков, Геннадии Дмитриак, Виачеслав Аиба рытрадициа шьахәқәа.

"Акапеллаҟны аԥхьатәи амшқәа инадыркны аус зуа зегьы фырхацәоуп. Сара еснагь гәахәара дула исгәаласыршәоит акапеллаҟны сусура аамҭа, ҳрепетициақәа, ҳаизыҟазаашьақәа. Уаҩ игәы иахәартә иҟоуп аколлектив ахь аҿар ахьааиуа. Ҳара ҳҟазара уадаҩуп аха анасыԥ дугьы ҳнаҭоит", — иҳәеит Ҷанба.

Аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа лвидеодныҳәалараҟны иазгәалҭеит Аҳәынҭқарратә хортә капелла Аԥсны акультура иасимволны иушьартә ишыҟоу.

"Шәареи сареи акыраамҭа аусуратәии хаҭалатәии аусеицура ҳаиднаҳәалоит. Имҩаԥаагахьоу аицықәгыларақәа, иара ус ҳуаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа сара еснагь гәахәара дула исгәаласыршәоит", — ҳәа ацылҵеит лара.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз амузыкантцәа Валерии Багаҭелиеи Резо Чачхалиеи аибашьра ашьҭахь зыԥсҭазаара иалҵыз Вили Чақмач-иԥеи, Наур Хәупориеи, Виачеслав Аибеи, Мери Леиԥҳаи, Анатоли Бебиеи, Виссарион Лопатини, Славик Сабуеи, Лариса Аргәынԥҳаи ргәалашәараз акопелла инанагӡеит аԥсуа жәлар рашәа — "Ахәрашәа".

Акапелла аветеранцәа инарыгӡеит Тото Аџьапуа иашәа "Ашәа узаҳҳәоит Аԥсынра". Акомпозитор иара убасгьы иколлегацәа рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

"Абри аиубилеитә концерт иаҳнарбеит акапелла ашьақәырхаразы имҩаԥгаз аус шбашамхаз. Ҳара иҳамоуп ифундаменталтәу ахортә культура, ҳабацәеи ҳабдуцәеи иаҳзеиқәдырхаз. Адунеи зегьы иаҳааит аԥсуа-шәа абжьы!" — иҳәеит Аџьапуа.

Аҳәынҭқарратә хортә капелла аԥҵан Аҟәатәи амузыкатә училишьче аҟны иҟаз аоператә студиа шьаҭас иаҭаны, аучилишьче адиректор Алықьса Чычба ицхыраарала. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара анапхгара арҭон Ражьден Гәымба, Алықьса Чычба, Вадим Судаков, Виачеслав Аиба, Нодар Ҷанба.

1996 шықәса инаркны иахьанӡа акапелла анапхгаҩыси ирижиор хадаси дыҟоуп Аԥсны жәлар рартистка Нора Џьынџьалԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0