«Урыстәыла абжьы» Аԥсны аусура еиҭашьақәнаргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАА "Спутник Аԥсны" аиҳабы Инал Лазба.
АА Спутник Аԥсны аиҳабы Инал Лазба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадиостанциа «Урыстәыла абжьы» Аԥсны аусура иалагеит.

АҞӘА, абҵ 3 – Спутник Аԥсны. МИА «Урыстәыла иахьа» иаҵанакуа Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә радиостанциа «Урыстәыла абжьы», абҵара акы инаркны Аԥсны аусура иалагеит. Уи уахгьы-ҽынгьы аус аулоит.
«Урыстәыла абжьы» адырраҭарақәа еиҿкаахоит Аԥсны арадиоусзуаҩцәа алархәны.

Арадиостанциа аусура алшара ҟанаҵоит адунеи аҿы Урыстәыла имҩаԥнаго аполитика аилкааразы, уи аҵакы амоуп Кавказ атәылақәа рзгьы», иҳәеит МИА «Урыстәыла иахьа» Аԥсны ахаҭарнакра аиҳабы Инал Лазба.

Инал Лазба иажәақәа рыла, МИА «Урыстәыла иахьа» аусура азынархоуп Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи.
«Урыстәыла абжьы» аредакциа агәы иҭоуп автортә дырраҭарақәа раԥҵара, ауаажәларратә усқәеи, аполитикатә ҭагылазаашьеи ирызку арепортажқәа рыҟаҵара, ишиашоу ицо аефирқәа реиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0