Абылра ахьыҟалаз Казантәи аҭирҭатә ҩнаҿы аилагарақәа рацәаны иԥшаан

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазбор завалов на месте пожара в казанском торговом центре "Адмирал"
Разбор завалов на месте пожара в казанском торговом центре Адмирал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы ахаҭаранк ишааицҳауа ала, Казантәи аҭирҭатә ҩнаҟны иҟалаз амцакра инадҳәаланы рҿахәы рҿыхын 470-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра, иара убас 200-ҩык инареиҳаны амцакра ашаҳаҭцәа. Аусҭҵаара ацара иаҿуп.

АҞӘА, хәжәк 22 – Sputnik. Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы аусуаҩцәа иаадырԥшит хыԥхьаӡара рацәала амцакразы ашәарҭадара аилагарақәа Казантәи ахәаахәҭратә ҩны "Адмирал" аҟны, иҳәеит Аусҭҵааратә еилакы ахаҭарнак Владимир Маркин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Казан ақалақь иреиҳаӡоу ахәаахәҭратә ҩнқәа ируаку "Адмирал" аҟны амцакра ҟалеит хәажәкыра 11 аҽны. Амца ԥшь-нызқь квадраттә метра амҽханакит. Амцакра ашьҭахь аҩныҵырҭақәа руак шәаҳахеит аргылара ахәҭак ахьеилаҳаз аҟнытә, уи аҵаҟа ауаа нхеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла амцакра иахҟьаны 17-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, 70-ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. Ҩыџьа рхабар рхабар иахьа уажәраанӡагьы иҟам.

"Ҳгәы ишаанагоз еиԥш, иааԥшит аилагарақәа рацәаны, урҭ ирыхҟьаны амцакра алҵшәақәагьы уадаҩхеит. Иаадыруеит амцакра аԥҟарақәа еилазгоз ауаа рыхьыӡқәа, иара убас агәаҭаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа урҭ аилагарақәа рыгәхьаа зымкуаз ", — иҳәеит Маркин.

Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы ахаҭарнак иажәақәа рыла, амцакра ашаҳаҭцәа 200-ҩык инареиҳаны ирыҿцәажәахьеит, аусҭҵаара иацҵоуп.

"Аусҭҵаара агәаанагарала, амцакразы ахара зду рхыԥхьаӡара иацлар ауеит, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ахара зду зегьы аҭакԥхықәра ишақәыршәахо. Ари ҿырԥшыгахар ауп аԥара арҳара ада акгьы иазхьамԥшуа, ашәарҭадара азҵаара гәыгәҭазыжьуа зегь рзы, иара убас, зуалԥшьақәа назмыгӡо ачынуаа рзы", — иҳәеит Маркин.

Асабша Маркин иазгәеиҭахьан Казантәи ахәаахәҭратә ҩнаҿы иҟалаз арыцҳара инамаданы 11-ҩык ауааԥсыра шаанкылоу. Аусҭҵаара агәаанагарала, амцакра амш аҽны аџьармыкьа ахадара рыдҵла аусуаҩцәа ахыбаҿы агидроизолиациатә усқәа мҩаԥыргон агазтә баллонқәеи амцаркыгатә маругақәеи рхархәарала. Аусҭҵаара агәаанагарала, уи ауп амцакра зыхҟьазгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0