Франциа икаҳаз аҳаирплан А320 иақәтәаз апассаџьырцәа зегь ҭахеит

© REUTERS / Ina FassbenderДиуссельдорф аҳаиртә баӷәаза аусзуҩцәа. Архивтә фото.
Диуссельдорф аҳаиртә баӷәаза аусзуҩцәа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авиалаинер А320 апассаџьырцәа зықәтәаз аҳаираплан Барселлонет ақалақь азааигәара, Хыхьтәи Апрованс адепартамент аҟны икаҳаит. Франциа амчрақәа ргәаанагарла аҳаираплан иҭатәаз рҟынтә аӡәгьы иԥсы нымхаӡеит.

АҞӘА, хәжәк 24 – Sputnik. Аҩаша, аладатәи Франциа иахьаҵанакуа аԥасаџьырцәа зҭатәаз аҳаирплан А320 каҳаит, иҭатәаз 150-ҩык рҟынтә аӡәгьы иԥсы нымхаӡеит, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҳаирплан акомпаниа Germanwings иатәын. Испаниа ақалақь Барселонантәи Германиа ақалақь Диуссельдорфҟа ахы хан. Франциатәи амассатә-информациатә хархәагақәа ишырҳәо ала, аҳаирплан аԥассаџырцәа рхыԥхьаӡара 142-ҩык рҟынӡа инаӡон, иара убас аекипаж аусуҩцәа аа-ҩык ыҟан. Ажәабжьтә телеканал n 24 ишаанацҳауа ала, уи ареис еиҳарак Германиа атәылауаа роуп иҭатәаз.

Аҳаирплан ахәҭақәа франциатәи ақалақь Барселоннет азааигәара Аҩадатәи Прованс адепартамент аҟны иԥшаан.

Франциа аԥыза-министр Ахада Мануель Вальс аҳаирплан шкаҳаз шьақәирӷәӷәеит.

"Барселонантәи Диусельдорфҟа зхы хаз аҳаирплан А320 Динь-ле-Бен аҵакырадгьыл аҟны икаҳаит", – ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Вальс, иара убас иациҵеит иахькаҳаз аҭыԥ ахь аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи Аусқәа рминистр Бернар Казнев дышнеиз атәы.

Аҳаирплан зтәу акомпаниа Germanwings аҟынтә макьана аинформациа ыҟаӡам. Акомпаниа Germanwings Twitter аҟны иҟалаз амассатә-информациатә хархәагақәа рҟынтә ираҳаит ҳәа ианырҵеит, иара убас иацырҵеит, макьана уи зырҵабыргыша, рхатә информациа шрымам атәы.

Франциа ахадара аҳаирплан иҭатәаз рҟынтә аӡә иԥсы нхеит ҳәа ақәгәыӷра ҵакыдоуп ҳәа ргәы иаанагоит.

"Зыԥсы еиқәхаз рыԥшааразы агәыӷра ыҟаӡам", – ҳәа Хыхьтәи Прованс Альпы адепартамент аинралтә еилазаара ахада Жильбер Сован ателеканал BFMTV аефир аҟны иҳәеит.

Уи аинформациа ирҵабыргуеит Франциа ахада Франсуа Олланд.

"Икаҳаз аҳаирплан апҽыхақәа зеиԥшроу ала, аӡәгьы иԥсы еиқәымхазар ҟалап", – иҳәеит Олланд.

Иара иажәақәа рыла, икаҳаз аҳаирплан атемала иааиуа амшқәа рзы Германиа аканцлер Ангела Меркель, Испаниа аҳ Филипп VI алархәны аилацәажәарақәа мҩаԥигоит.

Урыстәыла атәылауаа аҳаирплан иҭатәаӡамызт ҳәа ауп аинформациа шыҟоу. Испаниеи Германиеи рконсултә маҵзурақәа уи дырҵабыргуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0