Адәыӷба Аҟәа-Москва авариа иахьақәшәаз азы ԥышь-сааҭк иагханы инеиуеит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид из вагона поезда "Москва - Адлер". Архивное фото.
Вид из вагона поезда Москва - Адлер. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәантә Москваҟа ицоз апассаџьыртә дәыӷбеи акомбаини ааихеит Краснодартәи атәылаҿацә ишалсуаз. Ԥсыҭбара ыҟам, аха адәыӷба ахьнеиша иагханы инеиуеит.

АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Апассаџьыртә дәыӷба Аҟәа-Москва (№306) Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны ԥышь-сааҭк иагхоит ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит "Аԥсны аихамҩа" адиректор хада Гәырам Гәбаз.

"Адәыӷба ԥшь-сааҭк рҟынӡа иагханы инеиуеит Москва", — иҳәеит Гәбаз.

"Аԥснытәи аихамҩа" адиректор хада иажәақәа рыла, адәыӷба Аҟәа-Москва амҩа иқәлеит Аҟәантәи цәыббра 21 асааҭ 14:54 рзы. Ашьыжь, асааҭ 5 рзы, аихамҩаеихысырҭа Краснодар-Тимашевскаиа ахәҭаҟны акомбаини иареи ааихеит. Гәырам Гәбаз иазгәеиҭеит абри аан ԥсыҭбара шыҟамлаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0