Риҵатәи амилаҭтә парк аҭаара

Анапаҵаҩра
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк Аҧсны ашьхара ахәҭа иахьаҵанакуа ишьҭоуп, аӡиасқәа Гьегеи Ҧшыци ирыбжьаркуеит.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҧҵан 1996 шықәса рзы Риҵатәи аҳәырҧсарра аҵакырадгьыл аҟны. Апарк ахышәа-ҵышәа иартәоит 39 000 гектар. Амшын ахыхьала 100 метрак инаркны 3256 метра рҟынӡа арельиеф аиҟәшара иабзоураны ара иҟоуп еиуеиҧшым аҵиаа хкқәеи аҧстәы хкқәеи реизҳаразы аҭагылазаашьа бзиақәа.

Араҟа аҳауа хкы рацәала еилоуп: аладахьы аҧхарра аҧыжәара амазар, ҩадахьыҟа иаахьҭоума уҳәартә иҟоуп. Зегь иреиҵоу аҳауа ахьшәашәара ашьхарахь инаӡоит —30 градус рҟынӡа, аҧхарра акәзар +32 градус ианхало ыҟоуп. Ашықәсазтәи аҳауалышәшәарақәа бжьаратәла 1650 миллиметра инаӡоит. Ауадҳаратәи адәкаршәраҟны асы аҿыгҳара 5-6 метра инаӡоит. Ҭыҧқәак рҟны алҧхынрак имӡыҭӡакәа ишыҟоу иаанхоит.

Ашьхаҳаракыратә рельиефи атмосфератә лышәшәара рацәеи ацхраауеит аӡиакәеи, аӡиасқәеи, аӡхыҽҽақәеи рыҟазаара. Амилаҭтә парк зхыҽхәо акәны зегь раасҭа иҧхьаӡоуп зыҵаулара 116 метра инаӡоу аӡиа Риҵа. Иара ҧшӡарала иандаҭлоит Аӡиа иаҵәа, аӡиа Мзы, аҵааҭратә ӡиақәа. 530 метра аҳаракыраҟны иҟоуп Гьегтәи аӡхыҽҽа. 70 метра аҳаракыраҟынтәи аиҩхаа иҭҟьаны иааиуа аӡхыҽҽа аӡиас Гьега иналаӡҩоит.

Риҵатәи ареликттә парк ҵиаала акыр ибеиоуп. Араҟа рҽеиҭнырыҧсахлоит еиуеиҧшым абнара хкқәа: колхидатәи, еилаҧсоу абҕьыҭбаақәа, аҧсаҵлатә бнарақәа, альпикатәи аҳәырҭадәқәа у.у.е. Аҧсны афлора иаҵанакуа 82 хкы аҵиаа рҟынтәи абри апарк аҟны еизҳауеит 46 хкы. Араҟа иазҳауеит Николаи Альбов XIX ашәышықәса анҵәамҭазы ииҧшааз капанула, мамзаргьы ахьыҵәҵәа. Апарк афлора иахаҭарныкцәоу аҵиаақәа зегьы апланетартә ҟазшьа змоу хкыжәланы иҟоуп.

Апарк аҟны иуҧыло аҧстәқәа ракәзар Кавказ зегьы иуҧылоит: кавказтәи абҕаџьма, кавказтәи аҧслаҳә, ашьха шәишәи, ашьхакәты, кавказтәи амаҭх, альпикатәи ақәача, кавказтәи ачаҕыр у.у.е. аӡиасқәеи аӡиақәеи ирҭашьқьыруеит акалмаҳақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0