Аԥсуа анбан аабоит, ҳазыӡырҩуеит

Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы аусура иаланаргеит апроект ҿыц. Апроект иаармарианы ахәыҷқәа аԥсуа анбан арҵара алнаршоит.

Sputnik Аԥсны анбан ахархәаҩцәа рзы апортал аҟнеиԥш амобилтә цҵақәа рхархәаҩцәа рызгьы имариоуп.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аинтерактивтә инфографика аформат ала еиқәнаршәаз анбан иалнаршоит аԥсуа нбанқәа рҩышьа абареиԥш раҳарагьы.

Анбансахьақәа шәрықәыӷәӷәала, урҭ рҳәашьа шәазыӡырыҩла.

Аԥсшәа адунеи реиҳа ижәытәу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Ишьақәгылоуп 64 нбан рыла. Урҭ рҟынтәи 56 цыбжьыҟауп, 6-бжьыҟауп. Иара убасгьы арԥшқага дыргеи ақьышәхаргьыжьратә дыргеи ацуп.

Аԥсуа бызшәа шьақәгылоуп абжьыуатәи бзыԥтәи адиалектқәа рыла.

1862 шықәса рзы абызшәадырыҩ Петр Услар ишьаҭаиркит аԥсуаҩыра. Амилаҭтә алфавит ҵаҵӷәыс иамоуп кириллица.

Ажәабжьқәа зегьы
0