Аминистрцәа Реилазаара аӡбара ҿыцқәа аднакылеит

© flickr.comАҩыга. Архивтә фото.
Аҩыга. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
«Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара» азы Аконституциа 12 ахәҭаҷ инақәыршәаны, аминистрцәа рхаҭыԥуаҩцәа алхуп.

АҞӘА, абҵ 6 – Спутник Аԥсны. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара рыӡбарала аминистррақәеи акомитетқәеи рхадацәа рхаҭыԥуаа алхуп.

Нанба Алиас Руслан-иԥеи, Қәҭарба Еркан Бурхан-иԥеи — Арепотриациазы Аҳәынҭқарратә комитет Ахада ихаҭыԥуаас иҟаҵоуп.

Даҽа ӡбарак ала Манаргиа Алхас Гьаргь-иԥа — Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхеи рыхьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс. 

Шохина Наталиа Константин-иԥҳа — Астандартқәеи, ахархәареи атехникатә хылаԥшреи Аҳәынҭқарратә комитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс.

Ажәабжьқәа зегьы
0