Рауль Ҳаџьымба Аиқәшаҳаҭра адкылара аҭахны иԥхьаӡоит

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаджимба. Архивтә фото.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаджимба. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиқәшаҳаҭра ахәбатәи ахәҭаҷ излаҳәо ала, Урыстәылеи Аԥсни еиду рырмчқәа ргәыԥ еиҿкаахоит, уи иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны аҳәаақәа реицыхьчара. Ари ажәабжь Қырҭтәыла аганахь ала агәынамӡара цәырнагеит.

АҞӘА, абҵ 14 — Sputnik. Рауль Ҳаџьымба, Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо Аиқәшаҳаҭра ҿыц Аԥсны ишаҵанаҩуа иҳәеит. Иагьациҵеит Аиқәшаҳаҭра ҿыц Аԥсны ахьыԥшымраз ашәарҭара шыҟанамҵо.

Уи аԥхьаҟа, Жәлар Реизарахь инашьҭын Аԥсны иазнархиаз Аиқәшаҳаҭра. Уи ахәбатәи ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит Урыстәылеи Аԥсни еиду рырмчқәа ргәыԥ аиҿкаара, урҭ аӷа иҿагылареи, аҳәаа аицыхьчареи уалны ирыдлоит. Ари ажәабжь Қырҭтәыла аганахь ала агәынамӡара цәырнагеит. Аԥсны Жәлар Реизараҿы иаԥҵоуп апарламенттә гәыԥ Аиқәшаҳаҭра аԥсуа редакциа азуразы.

Адипломат ҿарацәа рԥылараан, Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, Урыстәыла иаарышьҭыз Аиқәшаҳаҭра апроект ажәлар иахьрыларҵәаз, ахҳәаақәа ахьаиуа акыр шаҵанкуа ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш азы.

"Жәаҳәарада, ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рыӡбара хыҵхырҭас иамазар ауп ажәлар ргәаанагара. Адокумент аҵаҩра атәы ҳҳәозар, уи ҳадаҳкылоит, избанзар Аԥсназы уи шәарҭара аҵам", — иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аиқәшаҳаҭра ҿыц Аԥсны ахьыԥшымра ԥырхага шанамҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0