Гәдоуҭатәи аветеранцәа Ессентуки ақалақь аҟны рыԥсы ршьеит

© Sputnik / М. Барабанов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ парке санатория
В парке санатория - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра аинвалидцәа рассоциациа Гәдоуҭатәи аҟәша алахәылацәа ргәабзиара ашьақәыргылараз ԥсшьара ицеит

ГӘДОУҬА, абҵ 15 – Sputnik. Сынтәа, аибашьра ахәра ззыннажьыз аинвалидцәа рассоциациа Гәдоуҭатәи ахеилак аҟынтәи ақалақь Ессентуки ахь ишьҭын аибашьра аветеранцәа аҳәса:  Ирина Папԥҳаи, Наала Чедиаԥҳаи, Ҭина Ӡиӡариаԥҳаи, Аида Чхабеилиаԥҳаи,  дара зегьы иранашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Аинвалидцәа рхеилак Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы  Рауль Смыр иажәақәа рыла, ас  еиԥш иҟоу аныҟәарақәа ҳветеранцәа, хаҭала аҳәса  рзы, иаҵанакуа  рацәоуп, ргәабзиара еиӷьыртәоит, рыԥсы  ршьоит, ргәы рхашҭуеит. ″Аинвалидцәа рфонд ари аус напы адыркыижьҭеи аӡәырҩы ацхыраара рынаҭахьеит″, –  иҳәеит иара.

″Иҭабуп ҳәа расҳәоит Апсны ахадареи, афонд  анапхгареи, Гәдоуҭатәи аинвалидцәа алахәылацәеи ҳара ҳахь иаадырԥшыз ахшыҩзышьҭразы. Аҳақьымцәа ракәзар, имҩаԥыргоз апроцедурақәа зегьы ҭакԥхықәра дула, индивидуалла  иазнеиуан″,–  лҳәеит Ирина Папԥҳа.

Иазгәаҭатәуп, аҳәынҭкарратә фонд ари аусмҩаԥгатә инавыргыланы аинвалидцәа рзы иҟанаҵо шырацәоу, аветеранцәа ирызцәырҵуа еиуеиԥшым азҵаарақәеи, апроблемақәеи рҿы авагылара шрызнауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0