Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра

© Sputnik Рада АжибаЛеуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра
Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра.

ГӘДОУҬА, абҵ 18 — Sputnik. Леуа Ажьиба ихьӡ зхәу Гәдоуҭатәи араионтә стадион аҟны Аԥсны ашьапылампыл асраз аветеранцәеи Шәачатәи "Жемчужина" ахәмарыҩцәеи рыбжьара имҩаԥган аҩызаратә еицлабра.

Агәаларашәаратә уснагӡатә иалахәын: Аԥсны аԥыза министр Шамиль Аӡынба, Аԥсны аҵареи, анаукеи,аспорти, аҿартә политикеи рзы аминистр Адгәыр Какоба,Аԥсны ашьапылампыл асраз Афедерациа аиҳабы Џьамал Гәбаз, Аб Виссарион Аԥлиа, араион анапхгара, Л.Ажьиба иуацәеи иҭынхацәеи.

Ахәмарра алагамҭаз ишьҭыхын агимн арҳәарала, аҳәынҭқарратә бираҟ. Анаҩсан, аӡбаҩ ашәышәбжьы аниарга ахәмарра хацыркын. Аԥсны ашьапылампыл асраз аветеранцәа рхыԥхьаӡараҿ иҟан еицырдыруа ахәмырҩцәа: Ахрик Цәеиба, Руслан Ҳагба, Џьамал Гәбаз, Џьума Кәарцхьиа, иара убас, угәы иахәаша фактуп,"Жемчужина" ахәмырҩцәа рхыԥхьаӡараҿ ишыҟаз Гәдоуҭатәи аспортшкол, ашьапылампыл асраз асекциа ааӡамҭацәа. Аҩызаратә еицлабра даара аинтерес аманы имҩаԥысуан. Ахәмарра алҵшәақәа рыла Аԥсны ашьапылампыл асраз аветеранцәа 4:3 ҳәа аиааира ргеит.

Леуа Ажьиба иԥсҭазаара зегьы иагәыцәын ашьапылампыл асра. ″Раԥхьаӡа акәны ампыл ааныкылан дахьыхәмарыз абри ашҭа аҟны ауп″, – ҳәа лгәалашәоит Леуа иан, Инга Черкезиа-Ажьиба. Раԥхьатәи азыҟаҵаҩыс диман Ахра Ладариа, иара иоуп ашьапылампыл асраз иԥеиԥш илызхыз, лҳәеит лара.

″Азыҟаҵаҩ иаҳасабла, насыԥ сыман ҳәа иазысыԥхьаӡоит Леуа аус ахьицызуз, аамҭа рацәак акәымзаргьы дахьазыҟасҵоз″, – иҳәеит Ахра Ладариа. Иҩызцәа даарылукааратә дыҟан, ирласны дыҩуан, еснагь длахҿыхан, иара убригь азоуп "Артист" ҳәа ахьыӡшьара зимазгьы, игәалашәоит раԥхьатәи иазыҟаҵаҩ Ахра Ладариа.

Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра
1/2
Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра
Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра
2/2
Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра
1/2
Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра
2/2
Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥган ашьапылампыл асраз ахәмарра

 

Леуа Ажьиба раԥхьа дыхәмаруан Гәдоуҭатәи акоманда "Риҵа" аҟны. Швеицариа ақ. Лозанна аҵара аниҵоз дыхәмаруан аҵараиурҭа акоманда ахьӡала. 1997шықәсазы дгежьуеит Москваҟа, ахәмарра далагоит "Спартак" акомандазы, уи аамҭазы далгоит ЦСКА ашкол.
Л. Ажьиба "Спартак" даныхәмаруаз аамҭаз: уи акоманда хәынтә Москва иачемпионхеит, хынтә Москва ахраҿа иаԥсахеит.
2002 шықәсазы СССР зҽаԥсазтәыз аспорт азыҟаҵаҩ Иура Морозов напхгара ззиуаз "Петрогрест" аклуб ахь ааԥхьара ииҭоит Л. Ажьиба.
2005 шықәсазы Л. Ажьиба дгьежьуеит Аԥсныҟа, иоуз ааха иахҟьаны, аамҭак ашьҭахь дгьежьуеит иизгәакьаз "Риҵа акоманда ахь.
2006-2007 шш. рзы Аԥсны ачаемпионат аҿы Л.Ажьиба иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа дыԥхьаӡан.

Аԥсны ашьапылампыл аҿиараҿы зышьҭа ӷәӷәа аанзыжьыз Л.Ажьиба машәырла иԥсҭазаара ҿахҵәоит 2008 шықәсазы…

Леуа Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз раԥхьатәи аиқәшәара аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, ашьапылампыл асраз изызҳауа абиԥара ҿа рзы итрадициатәхап ҳәа агәыӷра рымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0