Аҧсны амчратә усбарҭақәа ареидқәа мҩаҧыргоит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа русуаҩцәа. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа русуаҩцәа. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәарҭадара арӷәӷәареи, ацәгьоурақәа ҟазҵахьоу раанкылареи иазку аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит иахьа.

АҞӘА, абҵ 20 – Sputnik. Ашәарҭадара арӷәӷәареи, ацәгьоурақәа раҧырҟәҟәаареи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра изаамҭанытәу аусқәа мҩаҧнагоит.

Агәаҭаратә реидқәа рымҩаҧгара иалахәын амчратә усбарҭақәа зегьы.  
"Имҩаҧаҳго аусқәа хықәкыс ирымоуп ацәгьоурақәа ҟазҵахьоу, азакәан иацәыбнало ауаа раанкылареи, анаркотикқәа зхы иазырхәои, ирылазырҵәои рахьырхәреи, иара убас, егьырҭ азакәанеилагарақәа рҿагылара", — иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Нугзар Ҳагәышь.

Амчратә усбарҭақәа Аҟәа иахьаҵанакуа 15 ҭыҧ рҟны аус руеит, урҭ адҵа рыҭоуп агәҩара зауа ауааи, амашьынақәеи раанкылареи ргәаҭареи рзы.

Ҳагәышь иажәақәа рыла, ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа лассы-лассы аринахыс имҩаҧгалахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0