Кандид Ҭарба - "Кавказ" сыԥсҭазаара иахәҭакуп

© Sputnik Томас ТхайцукКандид Ҭарба ансамбль "Кавказ" аихшьаалатә концерт аҿы
Кандид Ҭарба ансамбль Кавказ аихшьаалатә концерт аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акәашаратә ансамбль "Кавказ" анапхгаҩы Кандид Ҭарба аколлектив аиреи ашьақәгылареи аҭоурых еиҭеиҳәеит.

 Аԥсны Жәлар рартист, акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Кандид Ҭарба ансамбль ҩажәашықәса ахыҵра ашықәс азы, Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит "Кавказ" аиреи ашьақәгылареи аҭоурых.

Ҳазҭоу ашықәс азы напхгара ззыжәуа акәашаратә ансамбль "Кавказ" 20 шықәса ахыҵуеит,  ишҧаҟлеи уи аира?

Акәашаратә ансамбль аиҿкаара сҭахижьҭеи акыр ҵуан, аха сыгәҭакы анагӡара ансылшаз 1990 шықәсазы ауп. Усҟан, Ҭырқәтәыла ақалақь Адаҧазар иаҧҵан "Кавказ" ҳәа хьӡыс изоуз акәашаратә ансамбль. Уи еиднакылон Ҭырқәтәыла иқәынхо ҳаешьаратә милаҭқәа рхаҭарнакцәа зегьы, урҭ рмилаҭтә кәашарақәа. Ансамбль Аҧсныҟа иаазгеит 1991 шықәсазы, анҩс Нхыҵ-Кавказ Ареспубликақәа,  Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесск аконцертә программа ҳаманы ҳцеит.  "Кавказ" усҟан 70 ҩык рҟынӡа акәашацәа алан. Аҧсни Кавкази ҳақәгыларақәа рышьҭахь иҳамаз апрограмма инақәыршәаны ҳгәы иҭан Европа атәылақәа рахь агострольқәа рыҟаҵара, аха Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит.

Излашәылшеи ауаа аҟазара имаҷны ианазхәыцуаз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы ансамбль ҿыц аидкылара?

Аибашьра анеилга рацәак мҵыцкәа ашәҟәыҩҩы, аҟазара аџьабаа маҷымкәа иазызбахьоу Рушьни Џьапуеи сареи ҳаицәажәара аан иасҳәеит ансамбль аиҭашьақәыргылара сгәы ишҭоу, аха Ҭырқәтәыла цашьас иҟасҵоз атәы шысзымдыруаз. Уи исабжьеигеит ансамбль "Кавказ" Ҭырқәтәыла акәымкәа абра  Аҧсны еиҿыскаарц, избанзар аибашьра ашьҭахь адоуҳатә ҧсҭазаарахь ахынҳәра даара акраҵанакуан. Ҳәарада, акыр иуадаҩын аибашьра ашьҭахь ансамбль ҿыц аидкылара, аха иҳалшеит "Кавказ" аиҭашьақәыргылара.

Еиҭашьақәыргылаз ансамбль раҧхьатәи ақәгылара абамҩаҧыжәга?

Аибашьра ашьҭахь ҿыц еиҿкааз ансабль раҧхьаӡа иқәгылеит Аиааира шықәсык анахыҵуаз астадион аҿы имҩапӷаз аныҳәаҿы. Хыҧхьаӡарала "Кавказ" иалахәыз рацәаҩымызт усҟан, аха абри аамҭа кьаҿ иалагӡаны ақәгылара ҳалшартә иахьыҟалаз аӡәырҩы иџьаршьон. Ари ақәгылараҿы поппури ззырҳәо нхыҵ-кавказтәи ажәларқәеи аҧсуа кәашарақәеи еилаҵаны ахәаҧшцәа идырбан.

Ансамбль "Кавказ" Аҧсны анҭыҵ лассы-лассы иқәгылома?

"Кавказ" шықәсык ала хынтә-ҧшьынтә аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь агострольқәа анрымам ҟамлацт. Еиҳарак ҳаҭаауеит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, насгьы Европа атәылақәа рахь аконцертә программақәа аагахьеит, урҭ рахьтә Германиа, Польша, Голландиа уҳәа.

Шәыззыҧшуи иахьа имҩаҧыжәго аихшьаалатә концерт аҟынтә, насгьы  анаҩс ансамбль ақәгыларақәа абамҩаҧысуеи?

Ансамбль "Кавказ" иахьа имҩаҧнаго аихшьаалатә концерт акыр хәарҭара аҵоуп, избанзар ҳусура хырхарҭас иамоу иҵегь иаабарҭахоит, алкаақәа ҟаҳҵоит анаҩстәи аусуразы. Ааигәатәи ҳагәҭакқәа ируакуп уаҵәы Пицунда ақәгылара, анаҩс Декабр 17 рзы Мурманскҟа ҳҧыруеит аконцерттә программа ҳаманы.

Ансамбль арепертуар шҧашьақәгылоу иахьазы?

Ансамбль арепертуар иалоуп аҧсуа кәашарақәа, Кавказ иқәынхо ажәларқәа зегьы ракәашарақәа.

"Кавказ" Жәларбжьаратәи афестивальқәа рҟны лҵшәақәас иамеи?

Ансамбль раҧхьатәи аҳамҭа, ахьтәы медал агеит 1996 шықәсазы Волгодонск имҩаҧгаз Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҟны. Иара убас, 20 ҳәынҭқарра злахәыз 1999 шықәсазы Ҭырқәтәыла имҩаҧгаз Жәларбжьаратәи афольклортә фестиваль "Бурса-99" аҟны "Кавказ" актәи аҭыҧ ааннакылеит.  2003 шықәсазы Адунеи ауаажәларратә зхаҵара Ассамблеиа аӡбарала ансамбль ахьтәы медали адипломи анашьан, "Амилаҭтә традициақәеи, жәларбжьаратәи акультуратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы".

Ажәабжьқәа зегьы
0