Беслан Быҭәба хадара ззиуа Аԥснытәи аделегациа ДЖӘР иаҭааит

© Sputnik / Геннадий Дубовой / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБеслан Быҭәба хадара ззиуа Аԥснытәи аделегациа ДЖӘР иаҭааит
Беслан Быҭәба хадара ззиуа Аԥснытәи аделегациа ДЖӘР иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беслан Быҭәба хадара ззиуа Аԥснытәи аделегациа Донецктәи Жәлар Республика иаҭааит.

АҞӘА, абҵ 27 – Sputnik. Беслан Быҭәба хадара ззиуа Аԥснытәи аделегациа Донецктәи Жәлар Республика иаҭааит, абри атәы ааицҳаит ДЖӘР адәныҟатәи аусқәа рминистр Александр Кофман.

"Донецктәи Жәлар Республика азхаҵара азҵаара ҳалацәажәаӡомызт, иқәгылаз агуманитартә ҭагылазаашьа мацароуп – Аԥсны цхыраарас иҟанаҵар иалшо", — иҳәеит Кофман.

Аԥснытәи аделегациа иалахәуп ачынуаа, Жәлар Реизара адепутатцәа.

Донецктәи Жәлар Республика асаит излаанацҳауа ала, Александр Захарченко Аԥснытәи аделегациа идикылеит абизнесс-центр "Столичныи" аҟны, аиԥылара алҵшәақәа атәы еилкаахоит имҩаԥгахо апресс-конференциаҿы.

Киев иазханаҵаӡом Донецки Лугански Жәлар Республикақәа. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, аибашьра иахҟьаны иҭахахьеит ԥшь-нызқьи хышәҩык аҭынч уааԥсыра, жәанызқьҩык инарзынаԥуа ихәын.
 
 

Ажәабжьқәа зегьы
0