Афестиваль "Лира" Пицунда еизнагеит 29-ҩык амузыкантцәа

© Sputnik / Саида Жиба29 юных музыкантов собрал фестиваль «Лира»
29 юных музыкантов собрал фестиваль «Лира» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амузыкантцәа рхы аладырхәит есышықәсатәи аклассикатә музыка афестиваль "Лира".

ГАГРА, рашәара 18 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҟны имҩаԥысит есышықәсатәи ахәыҷтәы классикатә музыка афестиваль "Лира".

Ефрем Ешба имоҭа Виктор Абрамиан иконцерт Аҟәа имҩаԥысит

Афестиваль мҩаԥысуанаҵы игон аԥсуеи аҳәаанырцәтәи авторцәеи рырҿиамҭақәа рыбжьы. Аҵаҩцәа инарыгӡон авокалтә номерқәа, ихәмаруан еиуеиԥшым амузыкатә инструментқәа рҟны.

Артистцәа ҿарацәа азыӡырыҩцәа напеинҟьарыла ирԥылон. Афестиваль иалахәын Гагреи Пицундеи рнапхгара.

Афестиваль амҩаԥгара инциаторс даиуит Гагратәи аҟазара ашкол арҵаҩы Мери Ҷанба.

"Ҳара иаҳгәиҭоуп афестиваль аҳәаақәа рырҭбаара. Уи аганахьала ҳрацәажәахьеит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рмузыкатә школқәа рхаҭарнакцәа. Иҟалап ҽаантәи афестиваль рхы аладырхәыр", —  лҳәеит Ҷанба.

Алахәыылацәа ҿарацәа ирҳәон афестиваль алахәра дара рзы акыр шаҵанакуа.

"Сара инасыгӡон Чаиковски ирҿиамҭа "Асышәҭ". Сара сзы ари апроект аҵакы дууп, араҟа аҿарацәа ирылоу аҟыбаҩ аарԥшра рылшоит", — еиҭалҳәеит афестиваль алахәыла, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа астудентка Валериа Алиохина.

Афестиваль иахықәкы хаданы иҟоуп аҟыбаҩ ҷыда злоу ахәыҷқәа ралԥшаареи рыдгылареи, амузыка адунеи аԥсҭазаараҟны  аларҵәара.


Ажәабжьқәа зегьы
0