Аушьҭымҭацәа рзы аныҳәатә балқәа Аԥсны имҩаԥысуеит рашәара 29 рзы

© Sputnik Томас Тхайцук9 мая
9 мая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟны рашәара 29 рзы имҩаԥысраны иҟоуп ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы азеиԥшқалақьтә ныҳәақәа.

АҞӘА, рашәара 19, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҵаратә шықәса ахыркәшареи, амедал иаԥсахаз рыҭареи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟны ашәахьа, рашәара 29 рзы, имҩаԥысраны иҟоуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиа.

"Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа аҳҭнықалақь аҟны ақалақь Ахадара ацхраарала имҩаԥаагоит. Рашәара 29, ахәылбыҽха, асааҭ 5 рзы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны ихацыркхоит аныҳәа азгәаҭара. Ҳара арахь иааҳаԥхьоит Аԥсны ашколқәа иреиӷьу роушьҭымҭацәа. Абри ашьҭахь, амшын аԥшаҳәаҟны еиҿкаахоит аныҳәатә концерт", — лҳәеит Медеиа Ченгьелиа.

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адыррақәа рыла сынтәа ашкол иалгаз рхыԥхьаӡара 2032-ҩык ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 7-ҩык ахьтәы медалла ашкол иалгеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0