Верешьагин аԥснытәи иҭыхымҭақәа ҩба

© Василий ВерещагинВерешьчагин аԥснытәи иҭыхымҭақәа ҩба
Верешьчагин аԥснытәи иҭыхымҭақәа ҩба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа асахьаҭыхыҩы Аԥсны иҟазаареи идача аԥшаареи мҩаԥган архивқәа рҟни Аҟәа акәша-мыкәшеи.

"Апофеоза войны" автор иҭоурых аилкаара инапы алакын Аладатәи Ешыра "Верешьагин ихәы" ҳәа изышьҭоу иаҭааз Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов.

Амандаринаҭраҟнытәи ашьҭақәа

— Абра, абри аҩны ашҭаҟны Верешьагин идача ашьапы убарҭоуп, — иҳәеит ҳара ҳамҩаԥызгоз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа. Аҩны аԥшәма, Георги Тулумџьиан. Ажәытә зны  абри ахәы зегьы  аҭауад Александр Шервашиӡе-Чачба ихатәын.  ХIХ ашәышықәса анҵәамҭазы Васили Верешьчагин иааихәеит адачаҩны зҭагылаз адгьылҭыԥ.

Аԥсны асахьаҭыхцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа. - Sputnik Аҧсны
Џьниа: хаҭалатәи ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара асахьаҭыхҩы инаҭо рацәоуп

Верешьчагин иԥа игәалашәарақәа рҟны иҩуеит абас: аҩны х-уадак, акрыфарҭа, иаркыз абарҵа аман, ҩнымаҭәала акыр имаџьанан.

Ҳара уа ҳаҟазаараан Георги аҩны дахымызт.

— Ҳара ибзианы ҳаибадыруеит. Сгәы иаанагоит ҽыԥныҳәа ҳаиҭарым ҳәа абаҳчараҿ афотосахьақәа ҟаҳҵар – иҳәоит Аркади.

Верешьчагин иҩны шырбгаз азы дыра ыҟам. Иара аӡбахә аҵыхәтәан акәны далацәажәоит асахьаҭыхыҩ иԥа, Актәи аибашьра ду аламҭалаз. Уажәы уи адача ашьапы Георги Тулумџьиан ибаҳчараҟны иубоит. Верешьчагин инапала еиҭаҳаз акипарисҵлақәа раллеиа аҟынтәи инханы иҟоу х-шьаҭа заҵәык роуп. Урҭ агәылацәа ргәашә иахагылоуп.
Асахьаҭыхыҩ иԥа, Васили Верешьагин ишиҩуа ала иаб аучасток аҟны ирацәаны аҵлақәеи аҵиаақәеи еиҭеиҳаит. Уи бзиа ибон иааикәыршаны ианиаҵәараз. Ари аҭыԥ иахьагьы аҭыԥантәи ауааԥсыра «Верешьчагин ихәы» ҳәа иашьҭоуп.

© Sputnik Владимир БегуновДом Георгия Тулумджян на месте дачи Василия Верещагина.
Дом Георгия Тулумджян на месте дачи Василия Верещагина. - Sputnik Аҧсны
1/4
Дом Георгия Тулумджян на месте дачи Василия Верещагина.
© Sputnik Владимир БегуновВид на море с "Холма Верещагина"
Вид на море с Холма Верещагина - Sputnik Аҧсны
2/4
Вид на море с "Холма Верещагина"
© Sputnik Владимир БегуновТри кипариса, оставшиеся от аллеи на даче Верещагина
Три кипариса, оставшиеся от аллеи на даче Верещагина - Sputnik Аҧсны
3/4
Три кипариса, оставшиеся от аллеи на даче Верещагина
© Sputnik Владимир БегуновФундамент дачи Верещагина
Фундамент дачи Верещагина - Sputnik Аҧсны
4/4
Фундамент дачи Верещагина
1/4
Дом Георгия Тулумджян на месте дачи Василия Верещагина.
2/4
Вид на море с "Холма Верещагина"
3/4
Три кипариса, оставшиеся от аллеи на даче Верещагина
4/4
Фундамент дачи Верещагина

Иҟам-ианым ажәабжь

Васили Верешьагин аԥснытәи иаамҭа иазкны алегендақәа рҳәоит. Урҭ ирхыҵхырҭаны иҟоуп Вианор Ԥачлиа истатиа "Край, дающий вдохновение", агазеҭ "Советская Абхазия" (30. 01. 1985ш.) аҟны икьыԥхьыз. Иара изныкымкәа аҭыԥантәи АИХ (СМИ) аҟны  аӡбахә рҳәахьан, уи адагьы 2011 шықәса рзы иҭыҵыз ашәҟәы  "Русские в Абхазии" иалан. Аинформациа ахьынтәааз ҳәа автор акгьы иҳәом. Ԥачлиа иҩуеитВерешьчагин Аԥсны иҭихит ҳәа:

"Прохожие у двухэтажного дома с лестницей", "Всадник-абхазец", "Навес над окном", "Двое абхазцев, сидящих на скамье", "Вол с поклажей", "Идущая женщина в покрывале", "Навьюченный осел", "Абхазцы, стоящие в кругу", "Три идущие женщины", "Деревенский дом с террасой", "Турки и абхазцы в Сухуме". иарбанызаалак арҭ асахьақәа акаталогқәа рҟны иубом, иара Верешьчагин инысмҩаҿгьы ирылацәажәам.

Вианор Ԥачлиа иҩуеит  Верешьагин иажәабжь "На курорте — моряк и дама в черном" "Русские ведомости" аҟны икьыԥхьызшәа. Иара убасгьы  Аҟәатәи абаӷәаза аргылара иазкыз астатиақәагьы икьыԥхьхьазшәа. Аха арҭ астатиақәагьы Верешьчагин иҩымҭақәа реизгаҿ иарбаӡам. Агазеҭ "Русские ведомости" архив иахьа ицифраркуп. Уаҟа иарбанызаалак Верешьагин истатиак убом.

"Иблыз" асахьақәа

Верешьагин изкны еиҭарҳәо аҭоурыхқәа ируакуп  аӷба аҳыԥсықь аҟны аԥснытәи аамҭаан иҭыхыз асахьақәа иблызшәа ирҳәо аҭоурыхгьы.  "Ешыра Верешьагин иҭихит  имаҷымкәа аԥсуа тема иазкыз асахьақәа, Одесса имҩаԥысраны иҟаз ицәыргақәҵазы. Урҭ аӷбахь инаган. Аха, Новоросииск, аӷба ареид аҟны иангылаз аԥшаӷьы аӷба аԥырсал ԥҵәаны амшын ихнаҵеит. Апассаџьырцәа амшынцәгьа иххалеит. Аӷба амцаҭаҵарҭаҿы амҿыхәҭақәа анырыбл ашьҭахь апассаџьырцәа рхатәы маҭәагь амца иақәырҵеит. Убасҟан иблын Верешьагин инапкымҭақәагьы" ҳәа иҩуеит Ԥачлиа.

— Уи аҩыза ахҭыс аҭыԥ аман, — лҳәоит Череповец иҟоу Верешьчагин иҩны-музеи аиҳабы Лиубов Маликова. – Аха асахьақәа ибылуамызт. Иҟалап амца иақәиҵаз асахьақәа зҭасаз амҿтәрамақәа ракәзар. Асахьаҭыхыҩ иԥа ари аҭоурых аҽакалоуп ишеиҭеиҳәо. Уи иажәақәа рыла  аӷба Аҟәатәи абаӷәаза ианадҵ инаркны аԥшацәгьа амшын ихнаҵеит. Аамҭақәак рышьҭахь арацәа нҵәеит. Верешьагин аӷба акаԥдан иеиҳәеит аӷба аԥша иаццартә еиԥш ахы рханы Ҭырқәтәылаҟа идәықәларц. Аӷба амцаҭаҵарҭа  амҿыхәҭақәа ҭарҵеит. Асахьақәа рыӡбахә уи зынӡа игәалаиршәаӡом"

Вианор Ԥачлиа иҩуан асахьаҭыхыҩ иҷкәыни иареи  Чехословакиа ишеиқәшәаз атәы. Иааигоит уи иажәақәа: "Саб Аԥсны бзиа ибон. Аҭыԥантәи ауаа рсахьақәа маҷымкәа иҭиххьан, аха иӡыз рацәоуп" ҳәа. Иӡыз, аха иблыз акәым. Иԥшаауп аҭыхымҭақәа ҩба. Урҭ рыҩбагь "Аԥсуа" ҳәа рыхьӡуп, еиԥшны.

Аԥошьҭаҟны ахысра

Верешьагин аԥснытәи иԥсҭазаара атәы зҳәо ҳәа иҟоу  иара иԥа имемуарақәа роуп уи иажәақәа рыла Верешьагин Аԥсны изныкымкәа даҭаахьан. Аҵыхәтәан иара ара дыҟан 1899 шықәса рзы, иҭаацәа ицны. Адача аахәара иара иабжьигеит иҳақьым. Ешыра алхын избанзар усҟантәи аамҭазы Аҟәа аӡбааррақәа рацәан, асахьаҭыхыҩ инааломызт.

Ешыра амшынгьы еиҳа ицқьан, аха асахьаҭыхыҩ уи лассы-лассы аҭалара илшомызт, избанзар аҩны амшын иацәыхаран. Аҵыхәтәантәи ара иҟазаараан имаҷны арҿиара инапы алакын. Аиҳарак ибаҳча дҭан, ирацәаны аҵлақәеи, аҵиаақәеи ашәҭқәеи еиҭеиҳаит.

Асахьаҭыхыҩ иԥа игәалаиршәоит хҭыск: Верешьагин  аҟәатәи аԥошьҭахь дцеит. Аԥсшьараамҭа дақәшәеит. Аԥошьҭа ахыбра даахыкәшан ашьҭахьҟала днеирц иӡбеит. Уа алыцәҳа дрылашәеит. Васили Васили-иԥа итапанча ааҭыган дрылахысит. Аԥошьҭа аусзуҩцәа ирықәлаз џьыршьеит, ршәақьқәа кны  иаадәылҟьеит. Ахҭыс имырӷыӷкит  аԥошьҭа аҟәша аиҳабы – уи атапанча зкыз ауаҩы дидырит. 

Асахьаҭыхыҩ ишиҭахыз еиԥш иааиԥмырҟьаӡакәа Ешыра дзаанхомызт. Аԥсны усҟан адунеи ду рацәак иаласамызт. Асахьаҭыхыҩ иԥа иҩуеит ҭаацәала ара рыҟазаараан акыр ргәы шҿыӷьуаз. Зынзаҵәык афон ҿыцтәи аберҭыԥ ахь ишхалаз.

Верешьагин имоуп кавказтәи ацикл иатәу аҭыхымҭақәа "Лезгинка", "Представление начальству. Русский офицер", аха урҭ Аԥсны акәу Даӷьысҭан акәу изыдҳәалоу адырра уадаҩуп.

Ҳара ахәы ақәцәахь ҳхалоит. Арантәи  иубо зегьы улаԥш хыркуеит. 120 шықәса раԥхьа ишыҟазҵәҟьеиԥш иԥшӡарроуп. Аҟәагьы унапсыргәыҵа иқәушәа уалаԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0