Пальмира антикатәи ахыбрақәа иреихсуеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПальмиратәи атетрапилон
Пальмиратәи атетрапилон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ИГИЛ аибашьцәа ҩышықәса раԥхьа имҩаԥыргаз ақәылара ашьҭахь ижәытәӡатәиу Пальмира 80% еиқәханы иҟан. Уажәы атеррористцәа еиладырбгеит Бела абааш, Баал Шамин абааш, аԥсыжырҭақәа ркаршәраҿы иҟоу Атриумфалтә аркеи аколоннақәеи, ацитадель Салах ад-Дин, амилаҭтә музеи.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20  — Sputnik. ИГИЛ аибашьцәа еиладырбгеит бџьармцала адунеи зегьы аҟны еицырдыруа, Пальмира иҟаз антикатәи атетрапилон ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Антикатәи атетрапилон ахаҳә шьаҭақәа ԥшьба рыла ишьақәгылан, урҭ ирықәгылан  аколоннақәа 16.

Атеррористцәа иара убасгьы ахәҭакахьала идырбгеит  ажәытә қалақь римтәи амфитиатр. ИГИЛ аибашьцәа ҩышықәса раԥхьа имҩаԥыргаз ақәылара ашьҭахь ижәытәӡатәиу Пальмира 80% еиқәхеит. Атеррористцәа еиладырбгеит  Бела абааш, Баал Шамин абааш, аԥсыжырҭақәа ркаршәраҿы иҟоу Атриумфалтә аркеи аколоннақәеи, ацитадель Салах ад-Дин, амилаҭтә музеи.

2016 шықәса ԥхынҷкәын азыбжазы ИГИЛ аибашьцәа, ҩымчыбжьа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥыргоз ажәылара ашьҭахь шьамтәылатәи апровинциа Хамас аҟны иҟоу ажәытә Пальмира еиҭах рнапахьы иааргеит.

Атеррористцәа рнапаҿы иҟалеит ИУНЕСКО асиа иану ажәытә хыжәжәарақәа. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла Пальмира ажәлара иалахәын 5 000-ҩык рҟынӡа аибашьцәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0