Sputnik ашоу "Ты супер!" аҩбатәи атур ахь инеиз ирыдныҳәалеит

© Sputnik Антон ДевяткинSputnik ашоу "Ты супер!" аҩбатәи атур ахь инеиз ирыдныҳәалеит
Sputnik ашоу Ты супер! аҩбатәи атур ахь инеиз ирыдныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконкурс "Ты супер!" актәи атур хыркәшахеит. Ахәыҷқәа аҩбатәи атур рҽазыҟаҵара иаҿуп.

АҞӘА, мшаԥымза 3 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik ашоу "Ты супер!" аҩбатәи атур ахь инеиз ирыдныҳәалеит. Ахәыҷқәа ҳамҭаны ироуит асвитшотқәа, афутболкақәа, ахраҿақәа, аблокнотқәа. Аҳамҭақәа зауз Sputnik акоманда ҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Валериа Адлеиаԥҳа Александр Шьоууа дсасны диҭан - Sputnik Аҧсны
Валериа Адлеиаԥҳа Александр Шьоууа дсасны диҭан

Апроект "Ты супер!" аҩбатәи атур ахь инеиит Анастасиа Кравчениа, Дариа Чернова (Беларусиа), Владислав Лоскутов, Роман Корнеев (Ҟазахсҭан), Урмат Мырсаканов (Кыргызсҭан), Сабина Манвелиан, Ангелина Папикиан (Ермантәыла), Валериа Адлеиаԥҳа (Аԥсынтәыла), Игорь Лесков (Естониа), Хошгедем Мехтиева, Парвана Алджанова (Азербаиџьан) уҳәа егьырҭгьы.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik-и НТВ-и рпроект "Ты супер!" аҭаацәарақәа змам ахәыҷқәа ирнаҭоит алшара амузыка адунеи ду ахь рцәырҵраҿы.

Ашоу аҟынтәи ажәабжь ҿыцқәа реилкаара алшоит Sputnik аматериалқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0