"Ты супер!": Лера лзы ҩажәи жәохә нызқьҩык рыбжьы рҭихьеит

© SputnikАшоу "Ты супер" аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгыло Валериа Адлеиԥҳа
Ашоу Ты супер аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгыло Валериа Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашоу "Ты супер" аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгыло Валериа Адлеиԥҳа лзы ҩажәи жәохә нызқьҩык рыбжьы рҭихьеит.

АҞӘА, мшаԥымза 3 — Sputnik. 11 шықәса зхыҵуа  Валериа Адлеԥҳаи, Дариа  Кабаненкои, Владимир Климовскии зегь реиҳа рыбжьы зырҭо алахәылацәа ҳәа иҟалеит апроект "Ты супер" аҿы. Иааидкыланы 150 000 нызықь бжьы рымоуп рызегь, урҭ рҿынтә Валериа 35 000 нызықь бжьы инареиҳаны илырҭеит. Аԥсны ахьӡала иқәгыло Лера раԥхьа иналыгӡаз ашәа "Адажио" (Adagio), даара ибзианы илҳәеит, аҩбатәи атур ахьгьы дцеит.

Лера шәыбжьы лышәҭар ҟалоит Sputnik Аԥсны апортал аҿы. Абжьыҭара анхыркәшахалакь, хҩык алахәылацәа зегь реиҳа ирацәаны абыжьқәа зауз алшара роуеит  Sputnik арадиоефир аҿы ақәгылара, аконкурс атәы аиҭаҳәара. 

Sputnik ашоу Ты супер! аҩбатәи атур ахь инеиз ирыдныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Sputnik ашоу "Ты супер!" аҩбатәи атур ахь инеиз ирыдныҳәалеит

НТВ апроект ҿыц "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшра алшара рнаҭоит. Иара иалахәхар рылшоит ахәыҷқәа рыҩнқәа рҟны ирааӡо, ашкол-интернатқәа ирҭоу, ус аҭаацәарақәа рахь ааӡара ирго ахәыҷқәа. 7 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа апрофессионалтә жиурии миллионҩыла ателехәаԥшцәеи рҿаԥхьа рҟазара аадырԥшуеит. Урҭ аус рыдырулоит иреиӷьу амузыкатә продиусерцәа, аҟазауаа.

Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларусиа, Қырҭтәыла, Казахстан, Кыргызстан, Молдова, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла  атәылақәа рҿы Sputnik иаԥшаауан ашәаҳәара иазҟазоу ахәыҷқәа.

НТВ – Урыстәыла иреиҳаӡоу иҳәынҭқарратәым  телееилахәыроуп. Аефир ахь ацәарҵра иалагеит 1993 шықәса рзы, зегь реиҳа изхәаԥшуа ателеканлқәа ирхыԥхьаӡалоуп.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны  аусура иалагеит ԥхынҷкәын 8 2014 шықәсазы.

Аинформациатә портал Sputnik аԥсышәалеи урысбызшәалеи Аԥсны Аҳәынҭқаррарҟны аусура иалагеит 2014шықәса рзы, ԥхынҷкәын. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда аԥхьаҩцәа ирыднагалоит еиуеиԥшым агәаанагарақәа, адунеитә ажәабыжьқәа. Арадио Sputnik Аԥсны акәзар атәыла аҵакырадгьыл зегьы иахьаҵанакуа арадиодырраҭарақәа мҩаԥнагоит, азыӡырыҩцәа ажәабжь ҿыцқәеи, ауаажәларра-политикатәи акультуратәи тематика иатәу апрограммақәа рыдгало.

Sputnik (sputniknews.com) — жәабала атәылақәа рҟны амультимедиатә информациатә хабқәа змоу маҵзуроуп. Sputnik ЗО инареиҳаны абызшәақәа рыла асаитқәеи, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәеи, асоциалтә ҳақәа рҟны амобилтә цҵақәеи адаҟьақәеи амоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0