Анатоли Бибилов Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы аиааира игеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАнатоли Бибилов
Анатоли Бибилов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа, иара убасгьы абри амш аҽны имҩаԥган ареферендум – Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых хьӡы Аланиа азырхынҳәразы.

АҞӘА, мшаԥымза 10 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Ацентртә Алхратә комиссиа атәыла ахада иалхрақәа рзы аихшьаалақәа ҟанаҵеит. Абиуллетенқәа анырыԥхьаӡа ашьҭахь еилкаахеит аиааира шигаз Апарламен аиҳабы Анатоли Бибилов, иара 57,9% бжьы игеит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Уажәы атәыла ахадас иҟоу 30% роуп имоу. Ахԥатәи акандидат Алан Гаглоев 11,01% игеит. Акандидатцәа зегьы мап рцәыркит 1,32%. Аҵыхәтәантәи алкаақәа ААК хәымш рыҩныҵаҟа иҟанаҵоит.

Амҽыша Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа, иара убасгьы абри амш аҽны имҩаԥган ареферендум – Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых хьӡы Аланиа азырхынҳәразы.

Иааизакны 77 алхырҭатә ҭыԥқәа аартын, урҭ рахьтә 5 Урыстәыла ауп иахьаартыз.

Аиааиразы акандидат 50% еиҳаны абыжьқәа иоуроуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0