Одессеи, Лугански, Севастополи апроект "Ты супер!" аҿы еиҩызцәахеит

© Фото : пресс-служба НТВАшоу "Ты супер!"
Ашоу Ты супер! - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы вокалтә конкурс "Ты супер!" аҩбатәи атур амҩаԥысра иаҿуп. Ашоу алахәылацәа ашәа ҿыцқәа рҵоит. Аха аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп. Апроект алахәылацәа асценатә ԥышәа адагьы аҩызцәа ҿыцқәа дырҳаит.

АҞӘА, мшаԥымза 14 — Sputnik. Украинатәи ахҭысқәа рышьҭахь Одесса, Севастополь, Луганск инхоз ауааԥсыра еицәыхарахеит, еицәтәымхеит. Аха апроект "Ты супер!" алахәылацәа хҩык еиднакылеит. Урҭ еиҩызцәахеит.

Апроект алахәылацәа Лера Хотениук (Севастополь), Даша Попова (Ирмино, Лугансктәи аобласт), Сониа Волошаненко (Одесса) еиҩызцәа бзиахеит. Аԥсшьаха анрымоу аамҭазы авертуалтә екскурсиақәа еицымҩаԥыргоит, рықалақьқәа еибадырбоит.

Ты супер! аконкурсантцәа Бари Алибасови агәыԥ На-На алахәылацәеи ирԥылеит - Sputnik Аҧсны
"Ты супер!" аконкурсантцәа Бари Алибасови агәыԥ "На-На" алахәылацәеи ирԥылеит

"Ашоу алагамҭазы ҳара ҳгәы иаанагомызт аполитикатә еимакқәа еиҟәыршаз аҿар реидкылара азҵаарагьы абраҟа иӡбахап ҳәа. Ари иаанаго ауаатәыҩса рыбжьара аилибакаара аҭыԥ еснагь иамоуп ауп. Зынӡа иссируп урҭ амузыка ианеиднакыло", — иҳәеит апроект "Ты супер!" амҩаԥгаҩ Вадим Такменев.

НТВ апроект ҿыц "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшраз алшара рнаҭоит. Иара иалахәуп ахәыҷқәа рыҩнқәа рҟны ирааӡо, ашкол-интернатқәа ирҭоу, ус аҭаацәарақәа рахь ааӡара ирго ахәыҷқәа. 7 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа апрофессионалтә жиурии миллионҩыла ателехәаԥшцәеи рҿаԥхьа рҟазара аадырԥшуеит. Урҭ аус рыдырулоит иреиӷьу амузыкатә продиусерцәа, аҟазауаа. "Ты супер!" мҩаԥигоит ТЕФИ занашьоу Вадим Такменев. Аконкурс иалахәуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, рҭтәыла, Беларуссиа, Молдова, Естониа рҟынтәи аҟыбаҩ ҷыда змоу аҿар.

Апроект аҩбатәи атур аҟны Аԥснытәи Валериа Адлеиаԥҳа лықәгылара мҩаԥысраны иҟоуп асабша, мшаԥымза 15 рзы.

Валериа лзы шәыбжьы шәҭир алшоит "Ты супер!" ацҵа iOS ма Android рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0