Иерусалим иҟоу Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа ирыцлеит Саид Ҳаразиеи Иури Аланиеи

© Sputnik Джопуа РобертАԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Аџьартә ныҟәара мҩаԥыргеит Претори инаркны Галгофанӡа
Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Аџьартә ныҟәара мҩаԥыргеит Претори инаркны Галгофанӡа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, мшаԥымза 14 рзы Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Аџьартә ныҟәара мҩаԥыргеит Претори инаркны Галгофанӡа.

ИЕРУСАЛИМ, мшаԥымза 14 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа ргәыԥ иацлеит Аԥсны Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Ҳаразиеи, Симон Кантәии Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху Афонд ацхырара аҭааҩцәа ируаӡәку Иури Аланиеи. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаҳзааицҳаит ҳкорреспондент.

"Сынтәа ҩынтәуп Аԥснынтәи Анцәа ихаҵаҩцәа абрахь иаауеижьҭеи. Саргьы ҩынтәуп саауеижьҭеи. Ара ҳара Анцәа ду ҳиашьапкуеит Аԥсныи уи ажәлари, ҳҭаацәарақәеи ҳхәыҷқәеи дырхылаԥшырц", — иҳәоит Ҳаразиа.

Аланиа игәаанагарала алшара змоу дарбанызаалак ауаа рыгәҭакы иашақәа адгылара риҭароуп.

Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Вифлиемҟа инеиит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Вифлиемҟа инеиит

"Аԥснытәи анцәаиашьапкыҩцәа арахь раара иацхраауаз сараӡәк сакәӡам. Зыжәлари зыԥсадгьыли иахәаз иоуми ауаҩыҵәҟьа. Сгәы иаанагоит дарбанызаалак ауаҩы арҭ ақьырсиан ҭыԥ ԥшьақәа дырҭааны ибар ауп ҳәа", — иҳәеит Аланиа.

Ахәаша, мшаԥымза 14 рзы Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа аџьари Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәии Аԥшьа Симон Кантәии рсахьақәа мҩаныргоит Претори инаркны Галгофанӡа.

"Иахьа, Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама, Аԥсны абираҟ ҳаманы Иаҳхылаԥшу иқьашана ауахәамахь ҳааит, иаҳхылаԥшу ҳимҵаныҳәарц, ҭабуп ҳәа иаҳҳәарц. Уаҵәы Амца ԥшьа агылара ҳазыԥшуп", — иҳәеит Саид Ҳаразиа.

Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Иерусалимҟа инеиит мшаԥымза 7 рзы. Дара Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха Аԥсныҟа аагара рыгәҭакуп.

Ҵыԥх еиԥш сынтәагьы аныҟәара еиҿнакааит Симон Кантәии Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху Афонд.

Ажәабжьқәа зегьы
0