Саид Гобечиа Курск аԥхьахә ианашьахеит

© Фото : / Саид ГобечияСаид Гобечия и пианистка Анна Половникова
Саид Гобечия и пианистка Анна Половникова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Георги Свиридов ихьӡ зху акамертә шәаҳәара VI Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуан Курск, мшаԥымза 19 - 29 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 2 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥснытәи абаритон Саид Гобечиа Георги Свиридов ихьӡ зху акамертә шәаҳәара VI Жәларбжьаратәи аконкурс Курск, мшаԥымза 19 — 29 рзы имҩаԥысуаз аҟны ахԥатәи аҩаӡара алауреатс дҟалеит, ианаршьеит жәлар рашәа иреиӷьу анагӡаҩ ҳәа аԥхьахә.

"Георги Васили-иԥа – сара гәылаԥсыла исзааигәоу композиторуп. Иара имузыка акы иалаҩашьом. Сара сазыгәдууп абри аконкурс сахьахәҭахаз", — иҳәоит Саид.

Абаритон аԥхьахә изаазгаз аԥсуа жәлар рашәа "Ахра ашәа" адагьы аконкурс аҟны Саид инеигӡеит: "Вчера мы встретились" (Иаков Полонски), "Предчувствие" (Александр Пушкин), "Erlkönig" (Иоганн Гиоте) уҳәа егьырҭгьы.

Сынтәа аконкурс иалахәын 64 ашәаҳәҩцәа: Урыстәыла, Монголиа, Аԥсны, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Германиа, Узбеқсҭан, Молдова, Китаи, Украина, Белоруссииа рҟынтәи.

Саид Гобечиа диит 1993 шықәса рзы, Пицунда. Гнесинаа рыхьӡ зху академиа доушьҭымҭоуп. Амагистратураҿ аҵара иҵоит. Жәларбжьаратәи аконкурсқәа: ARTpremier, "Ступени мастерства", "Академия" рҟны аԥхьахәқәа ианаршьахьеит. Ианашьоуп мексикатәи аоператә шәаҳәаҩы лпремиа ҷыда "Звезды Оливии Горра".

Аконкурс аныҳәатә хыркәшара мҩаԥысит мшаԥымза 28 асааҭ 18.00 рзы Курсктәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0