Шьамтәылатәи акурдцәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәхаӡом

CC0 / / Женева.
Женева. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи акурдцәа рпартиа "Адемократиатә партиа ахеилак" ацхантәаҩ Салих Муслим аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәылатәи акурдцәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәхаӡом ҳәа.

АҞӘА, лаҵарамза 15 – Sputnik. Ҭырқәтәыла иааннакыло апозициа инадҳәаланы Шьамтәылатәи акурдцәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәхаӡом. Иара убри аан Шьамтәылазы ООН ахаҭарнак ҷыда Стаффан де Мистуреи дареи аинырра рымоуп. Абри атәы иҳәеит Шьамтәылатәи акурдцәа рпартиа "Адемократиатә партиа ахеилак" ацхантәаҩ Салих Муслим. Шьамтәылаз Женева аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 16-19 рзы.

"Урыстәылеи Америкеи ибзиаӡаны ирдыруеит Шьамтәыла ҳара ҳада аполитикатә ӡбара шрызрыдымкыло. Уажәы ҳара Ҭырқәтәыла иааннакыло апозициа инадҳәаланы аиҿцәажәарақәа ҳрылахәхаӡом", — иҳәеит иара.

Муслим иазгәеиҭеит, дара акурдцәа Ҭырқәтәыла аиҿцәажәарақәа иахьрылахәу аганахь ала ҽыԥныҳәа шыҟарымҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0