Амажәа, нас ача: Sputnik ачаӡырҭаҿы

Анапаҵаҩра
Ачаӡҩы изанааҭ атәы даҳзалацәажәеит 15 шықәса ачаӡырҭаҟны аус зухьо Инесса Арышԥҳа.

Инесса Арышԥҳа 15 шықәса ҵуеит азанааҭ ҿыц лнапаҿы иаалгеижьҭеи. Уи лажәақәа рыла, уи ахаан лхахьы имнеицызт ачаӡырҭаҿы аусура далагоит ҳәа. Аха ари азанааҭ аҿы даннеи бзиа илбеит, лусура ԥсахрагьы дашьҭам. Инесса иазгәалҭеит 15 шықәса рыла ачаӡырҭаҿы аусура аҽшаԥсахыз.

"Раԥхьа иҟаҳҵоз зегьы напыла иҟаҳҵон. Аӡәы амажәа лкәаҳауан, аҽаӡәы еиҵылхуан, нас ишаны акапанга иақәаҳҵон. Иаҳкапануан. Урҭ зегьы аамҭа ргон. Уажәы атехника бзиа ҳамоуп. Иароуп зегь ҟазҵо, ҳара – ҳацхырааҩцәоуп. Ҳәарада уи ҳус армариоит, иарманшәалоит", — лҳәеит уи.

Инесса аус ахьылуа ачаӡырҭаҿы ԥшь-хкык ача рӡуеит.

Ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

© Sputnik / Илона ХварцкияАчаӡра етап-етапла имҩаԥаагоит. Аԥхьа ачашыла рхәуеит, амажәа ркәаҳауеит нас амажәа ашарҭахь инашьҭны еиҟароу ахәҭақәа рыла иршоит. Абри ашьҭахь ачаӡыҩцәа амажәа иҷыдоу аформақәа ирҭарҵоит. Аформақәа аӡырҭахь инарышьҭуеит. Сааҭыбжак ашьҭахь зыфҩы лаҳа-лаҳауа ачаԥха роуеит.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
1/10
Ачаӡра етап-етапла имҩаԥаагоит. Аԥхьа ачашыла рхәуеит, амажәа ркәаҳауеит нас амажәа ашарҭахь инашьҭны еиҟароу ахәҭақәа рыла иршоит. Абри ашьҭахь ачаӡыҩцәа амажәа иҷыдоу аформақәа ирҭарҵоит. Аформақәа аӡырҭахь инарышьҭуеит. Сааҭыбжак ашьҭахь зыфҩы лаҳа-лаҳауа ачаԥха роуеит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАчаӡра иалагоит амажәа акәаҳарала. Иахьа уи напыла иркәаҳаӡом, иҟоуп иҷыдоу атехника.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
2/10
Ачаӡра иалагоит амажәа акәаҳарала. Иахьа уи напыла иркәаҳаӡом, иҟоуп иҷыдоу атехника.
© Sputnik / Илона ХварцкияИхиоу амажәа ашарҭахь инарышьҭуеит, уа уи еиҟара-еиҟараны иашоит.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
3/10
Ихиоу амажәа ашарҭахь инарышьҭуеит, уа уи еиҟара-еиҟараны иашоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАчаӡыҩцәа амажәа ашарҭаҟынтәи ироуеит. Амажәа зқәырҵо ӡыла идырбааӡоит, иқәымҷабырц азы.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
4/10
Ачаӡыҩцәа амажәа ашарҭаҟынтәи ироуеит. Амажәа зқәырҵо ӡыла идырбааӡоит, иқәымҷабырц азы.
© Sputnik / Илона ХварцкияАчаӡырҭаҟны аусура адинамикатә ҟазшьа амоуп.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
5/10
Ачаӡырҭаҟны аусура адинамикатә ҟазшьа амоуп.
© Sputnik / Илона ХварцкияАчаӡҩы аформақәа зықәгылоу авогонеткақәа неишьҭуеит икапану амажәа ахьыҟоу ахь.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
6/10
Ачаӡҩы аформақәа зықәгылоу авогонеткақәа неишьҭуеит икапану амажәа ахьыҟоу ахь.
© Sputnik / Илона ХварцкияАусуҩцәа амажәа аформақәа ирҭарҵоит, аамҭақәак ус иаанрыжьуеит ачразы, нас ачаӡырҭахь ирышьҭуеит.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
7/10
Аусуҩцәа амажәа аформақәа ирҭарҵоит, аамҭақәак ус иаанрыжьуеит ачразы, нас ачаӡырҭахь ирышьҭуеит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАча сааҭыбжак еиҵамкәа ирӡуеит.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
8/10
Ача сааҭыбжак еиҵамкәа ирӡуеит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАвагонеткақәа ирықәуп аҿыцӡыра ча.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
9/10
Авагонеткақәа ирықәуп аҿыцӡыра ча.
© Sputnik / Илона ХварцкияАҿыцӡыра ча аахәаҩцәа бзиа ибаны иаархәоит.
Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
10/10
Аҿыцӡыра ча аахәаҩцәа бзиа ибаны иаархәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0