Ахапыцқәа рхәышәтәуеит, баша ирылацәажәаӡом

Анапаҵаҩра
Абар шьҭа 55 шықәса реиҳа ҵуеит ахаԥыцхәышәтәҩы-ахирург Борис Ианогиан ауаа дрыцхраауеижьҭеи ахьаа анрызцәырҵлак, ахапыцқәа ихәышәтәуеит мамзаргьы ихәарҭам зынӡа иҵихуеит.

Гагра инхо ауаа излеиҭарҳәо ала, Аԥсны зегь реиҳа акыр зхыҵуа ахапыцхәашәтәҩы дара рҿы аус иуеит. 79 шықәса зхыҵуа Борис Николаи-иԥа Ианогиан уахьихәаԥшуа дыбзиахәха дыҟоуп, ипациентцәа гәыразрыла дрызнеиуеит, аха иҟаиҵо иус ишахәҭо имҩаԥигоит. 

Ианогианаа рҭаацәараҿы иҵегьы аҳақьымцәа ыҟоуп. Иаҳәшьеиҳабгьы дхапыцхәашәтәҩуп, иара убас иашьагьы, уи Ростов дынхоит. Раҳәшьа лоуп амедицинатә факультет ахь рҭалара зыбзоуроу.

1993 шықәсазы аибашьра анцоз Борис Николаи-иԥа изанааҭ даҽа ганкахьала дазнеир акәхеит.

"Аибашьра ианалага асанаториа адыркит. Саргьы аҩны стәан. Хирургс уаҟа аус зуаз дақырҭуан. Дықәҵны дцеит. Аҳақьым хада Валентина Чачԥҳа сналыԥхьеит усураҳәа. Абас, 1993 шықәса рзы схирургхеит"

Иахьа Борис Николаи-иԥа хирургк иаҳасаб алоуп ауаа шидикыло. Иара излеиҳәо ала апациентцәа зегьы хаҭалатәи азнеишьа рҭахыуп. Иаҭаххара уагьԥсихологхароуп, еиҳаракгьы ахәыҷқәа анааиуа.

 

 

 

© Sputnik / Томас ТхайцукГагра инхо ауаа излеиҭарҳәо ала, Аԥсны зегь реиҳа акыр зхыҵуа ахапыцхәашәтәҩы дара рҿы аус иуеит. 79 шықәса зхыҵуа Борис Николаи-иԥа Ианогиан 55 шықәса инареиҳаны ауаа рхапыцқәа ихәышәтәуеит.
Ахпыцхәышәтәҩы Борис Николаи-иԥа Ианогиан - Sputnik Аҧсны
1/8
Гагра инхо ауаа излеиҭарҳәо ала, Аԥсны зегь реиҳа акыр зхыҵуа ахапыцхәашәтәҩы дара рҿы аус иуеит. 79 шықәса зхыҵуа Борис Николаи-иԥа Ианогиан 55 шықәса инареиҳаны ауаа рхапыцқәа ихәышәтәуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳақьым даара игәы разуп, иара иҿы уаннеилак уамак ушәаӡом.
Ахпыцхәышәтәҩы Борис Николаи-иԥа Ианогиан - Sputnik Аҧсны
2/8
Аҳақьым даара игәы разуп, иара иҿы уаннеилак уамак ушәаӡом.
© Sputnik / Томас ТхайцукБорис Николаи-иԥа ибзианы дахәаԥшуеит арентгентә сахьа, иҟаҵатәу цқьа еилиргап ҳәа.
Ахпыцхәышәтәҩы Борис Николаи-иԥа Ианогиан - Sputnik Аҧсны
3/8
Борис Николаи-иԥа ибзианы дахәаԥшуеит арентгентә сахьа, иҟаҵатәу цқьа еилиргап ҳәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАрҭ амаругақәа рхы иадырхәон апринц Ольденбургски ихаангьы, ҳәа ҳаиҳәеит Борис Николаи-иԥа.
Ахпыцхәышәтәҩы Борис Николаи-иԥа Ианогиан - Sputnik Аҧсны
4/8
Арҭ амаругақәа рхы иадырхәон апринц Ольденбургски ихаангьы, ҳәа ҳаиҳәеит Борис Николаи-иԥа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхапыц ахәышәтәразы амаругақәа зегьы цқьаӡа иахьырҭыԥу игылоуп, аха хәыҷык удыршәоит.
Ахпыцхәышәтәҩы Борис Николаи-иԥа Ианогиан - Sputnik Аҧсны
5/8
Ахапыц ахәышәтәразы амаругақәа зегьы цқьаӡа иахьырҭыԥу игылоуп, аха хәыҷык удыршәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхьаахҽра аҟаҵара - доусы рхала ирҳәоит ирҭахыу ирҭахыму.
Ахпыцхәышәтәҩы Борис Николаи-иԥа Ианогиан - Sputnik Аҧсны
6/8
Ахьаахҽра аҟаҵара - доусы рхала ирҳәоит ирҭахыу ирҭахыму.
© Sputnik / Томас ТхайцукАпациент асиа еизакы ахь дҭаҩтәуп.
Ахпыцхәышәтәҩы Борис Николаи-иԥа Ианогиан - Sputnik Аҧсны
7/8
Апациент асиа еизакы ахь дҭаҩтәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукБорис Ианогиани аҟәша аиҳабы Леван Джологуеи ааигәа иҟалаз ахҭыс иалацәажәоит.
Ахпыцхәышәтәҩы Борис Николаи-иԥа Ианогиан - Sputnik Аҧсны
8/8
Борис Ианогиани аҟәша аиҳабы Леван Джологуеи ааигәа иҟалаз ахҭыс иалацәажәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0