Хәаԥтәи ахәыҷқәа ачамгәыри аԥхьарцеи рыԥсҭазаароуп

Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан абар уажәшьҭа хышықәсоуп еиҿкааужьҭеи жәлар ринструментқәа рансамбль "Аҿырпын".

Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟны есыҽны еизоит ахәыҷқәа. Урҭ анотақәа шырзымдыруагьы аԥсуа музыкатә инструментқәа рҟны ихәмаруеит. "Анотақәа рыла макьаназ ҳзыхәмаруам. Аԥхьаҵәҟьа ахәыҷқәа ахәмарра рцәыцәгьан, иҟазгьы ԥшьҩык ракәын. Нас маҷ-маҷ арахь ааира иалагеит", — лҳәоит жәлар ринструментқәа рансамбль "Аҿырпын" анапхгаҩы Алена Зыхәԥҳа.

Лара иазгәалҭоит амузыкатә инструментқәа рҟны ахәмарра ахәыҷы ихаҭара аизҳараҿы, иааӡараҿы, иҵараҿы аҵак ду амоуп ҳәа.

"Жәлар ринструментқәа аинформациа узҭо ракәны иҟоуп: урҭ рыҟны ахәмарра ҵо ахәыҷқәа ирҵоит аҭоурых, ажәлар ркультура, уи иахәҭакны рхы рбоит", — лҳәоит Зыхәԥҳа.

Уажәы ансамбль шьақәгылоуп жәаҩаҩык амузыкантцәа рыла. Иҟоуп аиҳабыратә гәыԥгьы. Уи иалахәуп ҩеижәихҩык амузыкантцәа.

Ахәыҷтәы ансамбль анапхгаҩы ишылҳәо ала ахәыҷқәа рнапы злаку ргәы азҭоуп.

Амузыкатә термин ҷыдақәеи аинструментқәа рыхьӡқәеи (аԥхьарца, ахымаа, аҩымаа убас егьырҭгьы) ахәыҷқәа ржәар еизнарҳауеит, рбызшәа арбеиоит ҳәа илшьоит ансамбль анапхгаҩы. Аԥсны анҭыҵҟа ансамбль "Аҿырпын" макьаназ ишымцацгьы атәыла аҩныҵҟа акырынтә ақәгыларақәа мҩаԥыргахьеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ахәыҷқәа аиҳарак акәашара, ашәаҳәара бзиа ирбоит. Аха амилаҭтә инструментқәа урҭ ирырҭо иҵегьы еиҳауп. Насгьы иҟоуп ашәара урҭ ҳцәыӡыр алшоит ҳәа", — лҳәоит лансамбль анапхгаҩы Алена Зыхәԥҳа.
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
1/12
"Ахәыҷқәа аиҳарак акәашара, ашәаҳәара бзиа ирбоит. Аха амилаҭтә инструментқәа урҭ ирырҭо иҵегьы еиҳауп. Насгьы иҟоуп ашәара урҭ ҳцәыӡыр алшоит ҳәа", — лҳәоит лансамбль анапхгаҩы Алена Зыхәԥҳа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль анапхгаҩы иазгәалҭоит амузыкатә инструментқәа рыҟны ахәмарра ахәыҷы ихаҭара аизҳараҿы, иааӡараҿы, иҵараҿы аҵак ду амоуп ҳәа.
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
2/12
Ансамбль анапхгаҩы иазгәалҭоит амузыкатә инструментқәа рыҟны ахәмарра ахәыҷы ихаҭара аизҳараҿы, иааӡараҿы, иҵараҿы аҵак ду амоуп ҳәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмилаҭтә инструмент ахымаа – рахәыцтәуп, адәныҟала аурыс музыкатә инструмент "гусли" угәаланаршәоит
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
3/12
Амилаҭтә инструмент ахымаа – рахәыцтәуп, адәныҟала аурыс музыкатә инструмент "гусли" угәаланаршәоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАбыкь асра зегьы рзы имариам, арыԥҳаҟынтәи аԥсыԥлагаҩагара бзиа умазароуп, лҳәоит Зыхәԥҳа.
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
4/12
Абыкь асра зегьы рзы имариам, арыԥҳаҟынтәи аԥсыԥлагаҩагара бзиа умазароуп, лҳәоит Зыхәԥҳа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчамгәыр азырҳәо шамахамзар аҳәса роуп
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
5/12
Ачамгәыр азырҳәо шамахамзар аҳәса роуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Аҿырпын" арепертуар иалоуп ажәытә аԥсуа ашәақәа, адыга ашәақәа, акәашаратә музыка.
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
6/12
Ансамбль "Аҿырпын" арепертуар иалоуп ажәытә аԥсуа ашәақәа, адыга ашәақәа, акәашаратә музыка.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Аҿырпын" алахәылацәа аԥхьарца, ахымаа, ачамгәыр уҳәа рыҟны ихәмаруеит.
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
7/12
Ансамбль "Аҿырпын" алахәылацәа аԥхьарца, ахымаа, ачамгәыр уҳәа рыҟны ихәмаруеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмузыкатә инструментқәа рыҟны ахәмарра ахәыҷқәа рҭахрала ицәырҵыр зылшо аԥшьгарақәа рҟынгьы ихәарҭоуп
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
8/12
Амузыкатә инструментқәа рыҟны ахәмарра ахәыҷқәа рҭахрала ицәырҵыр зылшо аԥшьгарақәа рҟынгьы ихәарҭоуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль амузыкант Амина Бебиаԥҳа ҩышықәса ҵуеит аԥхьарца алырҳәоижьҭеи. Иара ахьӡ "ԥхьацара" аҟынтәи иаауеит. Ажәытәан аԥхьарца рыманы инеиуан ихәыз ма ичмазаҩыз иахь. Иарала ихьаа дыртәон. Аибашьрақәа раан ар раԥхьа дгылан днеиуан аԥхьарцарҳәаҩы, ҳәа ҳзеиҭалҳәоит Амина.
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
9/12
Ансамбль амузыкант Амина Бебиаԥҳа ҩышықәса ҵуеит аԥхьарца алырҳәоижьҭеи. Иара ахьӡ "ԥхьацара" аҟынтәи иаауеит. Ажәытәан аԥхьарца рыманы инеиуан ихәыз ма ичмазаҩыз иахь. Иарала ихьаа дыртәон. Аибашьрақәа раан ар раԥхьа дгылан днеиуан аԥхьарцарҳәаҩы, ҳәа ҳзеиҭалҳәоит Амина.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмузыкатә термин ҷыдақәеи аинструментқәа рыхьӡқәеи (аԥхьарца, ахымаа, аҩымаа убас егьырҭгьы) ахәыҷқәа ржәар еизнарҳауеит, рбызшәа арбеиоит ҳәа илшьоит ансамбль анапхгаҩы.
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
10/12
Амузыкатә термин ҷыдақәеи аинструментқәа рыхьӡқәеи (аԥхьарца, ахымаа, аҩымаа убас егьырҭгьы) ахәыҷқәа ржәар еизнарҳауеит, рбызшәа арбеиоит ҳәа илшьоит ансамбль анапхгаҩы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа жәлар рмузыкатә инструмент аҟьаԥ-ҟаԥ аҟны ахәмарра мариоушәа иубар шауагьы уи азы аҟыбаҩ ҷыда аҭахуп
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
11/12
Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструмент аҟьаԥ-ҟаԥ аҟны ахәмарра мариоушәа иубар шауагьы уи азы аҟыбаҩ ҷыда аҭахуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны анҭыҵҟа ансамбль "Аҿырпын" макьаназ ишымцацгьы атәыла аҩныҵҟа акырынтә ақәгыларақәа мҩаԥыргахьеит.
Жәлар ринструментқәа рансамбль Аҿырпын. - Sputnik Аҧсны
12/12
Аԥсны анҭыҵҟа ансамбль "Аҿырпын" макьаназ ишымцацгьы атәыла аҩныҵҟа акырынтә ақәгыларақәа мҩаԥыргахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0