Маи 21 – Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара иамшуп

Анапаҵаҩра
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит атәыла ауаажәларреи асасцәеи, лаҵарамза 21 ахәылбыҽха.

Асааҭ 19:00 рзы абаҟа аҿаҧхьа иалагеит ахәылҧазтәи апрограмма, иара убри аамҭазы раҧхьаӡа акәны иӡыргахеит агәаларшәара амш символра азызуа ацәашьы-ашьамаҟа.

"Ари аус напы анаҳаркы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьопуа иҳабжьеигеит есы-шықәса иҟарҵо амца ахаҭыԥан, сынтәа ашьамаҟа аҟаҵара. Баҭал Џьапуеи, Ҭемыр Ҟаитани, Ҭемыр Ӡиӡариеи акциа хацзыркыз аҿар рхаҭарнакцәеи ирыбзоураны ашьамаҟа еиқәҵахеит, иара ҩ-метраки бжаки иҟоуп, аҟаҵара ԥшьы-мыш ҳагеит. Иазгәасҭарц сҭахуп ашьамаҟазы ацәа цқьа аџьармыкьаҿы ишааҳамхәыз, ацәа ҳзаарышьҭит Аԥсны ақыҭақәа рыҟнытә анхацә-ԥсаԥуп ҳәа иԥхьаӡаны. Сынтәа инаркны, иааиуа ашыкәсқәа рзы иахьатәи амш ихадоу символны иҟалоит ашьамаҟа", — ҳәа лҳәеит амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш иазку акциа аиҿкааҩцәа рхаҭарнак Дифа Габниаԥҳа.

Иахьатәи аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара алнаршеит ауаажәларратә еиҿқаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" аҿар рхаҧшьгаратә гәыҧи.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы хыркәшан ашьамаҟа абылрала. Еизаз зегьы амшын аҟәараҟны ацәашьқәа адыркит.

Кавказтәи аибашьра анеилга Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа рхырҵәара иалагеит. Ртәыла аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт ачерқьесцәа, аубыхцәа, аԥсуаа, абаза. XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рмоуит. Аԥсуа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.


© Sputnik Томас Тхайцук.XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рмоуит.
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
1/13
XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рмоуит.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны ауаажәлар Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
2/13
Аԥсны ауаажәлар Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит
© Томас ТхайцукАхақәиҭра ашҭа аҟнытә амҳаџьырцәа рбаҟа аҿаԥхьанӡа, ажәытә жәлар ринструмент абыкь рҳәо инеит аҿар рхаҭарнакцәа
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
3/13
Ахақәиҭра ашҭа аҟнытә амҳаџьырцәа рбаҟа аҿаԥхьанӡа, ажәытә жәлар ринструмент абыкь рҳәо инеит аҿар рхаҭарнакцәа
© Sputnik Томас ТхайцукАмҳаџьырра ашықәсқәа раан Аԥсны абираҟ
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
4/13
Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Аԥсны абираҟ
© Sputnik Томас ТхайцукЛаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
5/13
Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп
© Sputnik Томас ТхайцукАмҳаџьырцәа рбаҟаԥхьа еиҽкаан амҳаџьырра ашықәсқәа ртәы зҳәо ашәҟәқәеи, анҵамҭақәеи, афотоҭыхымҭақәеи рцәыргақәҵа
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
6/13
Амҳаџьырцәа рбаҟаԥхьа еиҽкаан амҳаџьырра ашықәсқәа ртәы зҳәо ашәҟәқәеи, анҵамҭақәеи, афотоҭыхымҭақәеи рцәыргақәҵа
© Sputnik Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы иқәыргылан
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
7/13
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы иқәыргылан
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит атәыла ауаажәларреи асасцәеи, лаҵара 21 ахәылбыҽха
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
8/13
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит атәыла ауаажәларреи асасцәеи, лаҵара 21 ахәылбыҽха
© Sputnik / Томас ТхайцукИаркын агәаларшәара амш символра азызуа ацәашьы-ашьамаҟа, иара ҩ-метраки бжаки иҟоуп
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
9/13
Иаркын агәаларшәара амш символра азызуа ацәашьы-ашьамаҟа, иара ҩ-метраки бжаки иҟоуп
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥаз хыркәшан ашьамаҟа абылрала
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
10/13
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥаз хыркәшан ашьамаҟа абылрала
© Sputnik / Томас ТхайцукАшьамаҟа ԥыҭк ианырыбла ашьҭахь изҭахыз зегьы ишаны ирырҭеит
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
11/13
Ашьамаҟа ԥыҭк ианырыбла ашьҭахь изҭахыз зегьы ишаны ирырҭеит
© Sputnik / Томас ТхайцукЕизаз зегьы амшын аҟәараҟны ацәашьқәа адыркит
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
12/13
Еизаз зегьы амшын аҟәараҟны ацәашьқәа адыркит
© Sputnik / Томас ТхайцукИахьатәи аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара алнаршеит ауаажәларратә еиҿқаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни", аҿар рхаҧшьгаратә гәыҧи
Кавказтәи ажәларқәа ргәаларшәара амш - Sputnik Аҧсны
13/13
Иахьатәи аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара алнаршеит ауаажәларратә еиҿқаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни", аҿар рхаҧшьгаратә гәыҧи
Ажәабжьқәа зегьы
0