ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы иаиааиз рхьы

Анапаҵаҩра
Аԥсни Пенџьабааи аҵыхәтәантәи реицыхәмарра астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит рашәарамза 5 рзы.

ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат аҿы Аԥснытәи акоманда аиааира агеит, Пенџьабаа 6:5 ҳәа ириааит. Аԥснытәи акоманда афинал ахь инеит ԥшьынтә аиааирақәа ганы, дара рымба мпылкгьы ҭадмыршәит, аха дара 14 мпыл ҭадыршәхьан. Еиҳарак уи зыбзоуроу амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко иоуп.

Ари ахәмарра ҳреспубликаҿы даара иазыԥшын, агәра гангьы иҟан Аԥснытәи акоманда афинал ахь ишнеиуаз.

Раԥхьатәи жәаминуҭк раан аԥыжәара рыман аԥсуа шьапылампыласыҩцәа. 17-тәи аминуҭ азы аԥсуаа ампыл ҭадыршәыртә еиԥш аҭагылазаашьа рыман, аха амба иақәымшәеит.

57-тәи аминуҭ азы Пенџьабтәи акоманда ахәмарыҩ Амар Перваль  раԥхьатәи ампыл ҭаиршәит. Ахәмарра иалгаанӡа х-минуҭк нханы ианыҟаз Руслан Шьониа ампыл ҭаиршәит.

Иаанхаз аамҭазы уаҳа аӡәгьы ампыл ҭаимыршәит, жәеиза метр иҟоу аахақәа ирыбзоураны аԥснытәи акоманда аиааира агеит 6:5 ҳәа.

 

 

© Sputnik / Томас ТхайцукConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аиааира згаз аселфи ҟарҵоит.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
1/15
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аиааира згаз аселфи ҟарҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны еизгоу акоманда ахәмарыҩ Анцәа ҭабуп ҳәе иеиҳәоит.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
2/15
Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарыҩ Анцәа ҭабуп ҳәе иеиҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵыхәтәантәи ахәмарра анеилга, ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат ахыркәшара мҩаԥган. Ахәмарыҩцәеи ахәаԥшцәеи рҿаԥхьа акәашацәа ықәгылеит.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
3/15
Аҵыхәтәантәи ахәмарра анеилга, ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат ахыркәшара мҩаԥган. Ахәмарыҩцәеи ахәаԥшцәеи рҿаԥхьа акәашацәа ықәгылеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхыркәшаратә усмҩаԥгатә аҿы рхы аладырхәит атәыла анапхгара.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
4/15
Ахыркәшаратә усмҩаԥгатә аҿы рхы аладырхәит атәыла анапхгара.
Иапониатәи кореаа ркоманда абыжьбатәи аыԥ ааннакылеит.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
5/15
Иапониатәи кореаа ркоманда абыжьбатәи аыԥ ааннакылеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбар Шьоҭа Аибагьы, уи Аԥсны зегьы дырдыруазар ҟалап.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
6/15
Абар Шьоҭа Аибагьы, уи Аԥсны зегьы дырдыруазар ҟалап.
© Sputnik / Томас ТхайцукСомалилендаа ркоманда, дара ажәабатәи аҭыԥ ааныркылеит.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
7/15
Сомалилендаа ркоманда, дара ажәабатәи аҭыԥ ааныркылеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукПаданиаа ркоманда ахәбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
8/15
Паданиаа ркоманда ахәбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукМраҭашәаратәи Ермантәыла ршьапылампыласыҩцәа, дара афбатәи аҭыԥ ааныркылеит.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
9/15
Мраҭашәаратәи Ермантәыла ршьапылампыласыҩцәа, дара афбатәи аҭыԥ ааныркылеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аӡбаҩцәа рыуаӡәы.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
10/15
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аӡбаҩцәа рыуаӡәы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфинал ахь инеиз даҽа командак. Пенџьабаа еизаку акоманда.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
11/15
Афинал ахь инеиз даҽа командак. Пенџьабаа еизаку акоманда.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла ахада аиааира згаз ахьтәы медалқәа ранаишьоит.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
12/15
Атәыла ахада аиааира згаз ахьтәы медалқәа ранаишьоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияХадара злоу аҳамҭа ачемпионцәа рнапаҿы иҟоуп.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
13/15
Хадара злоу аҳамҭа ачемпионцәа рнапаҿы иҟоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукИааԥсаз ачемпионцәа ргәырӷьара рзыҵәахуам.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
14/15
Иааԥсаз ачемпионцәа ргәырӷьара рзыҵәахуам.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиааира згаз акоманда азыҟаҵаҩ хада - Џьума Кәарацхьелиа.
ConIFA адунеизегьтәи ачемпионат 2016 аҿы аԥсуаа аиааира ргеит. - Sputnik Аҧсны
15/15
Аиааира згаз акоманда азыҟаҵаҩ хада - Џьума Кәарацхьелиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0