Аслан Нанба шьҭрала Бармышьтәуп. Аҟәаҟа дааит 20 шықәса раԥхьа, аибашьра ашьҭахь. Ҭаацәала дахьынхо аҩн дуа актәи аихагылаҟны ихатә ҟазарҭа ааиртит. Иара ишиҳәо ала Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы уаанӡа арҿиаразы унеиуазар, уажәы маҷк ихәаахәҭырҭаҭыԥхеит.
Аслан Нанба ирҿиаратә мҩа иазкәу аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра
"Уаанӡа саргьы уа сырҿиамҭақәа срызхәыцуан, уажәы аамҭақәа цәгьоуп. Ҩыџьа ахәыҷқәа сымоуп, руаӡәк дыстудентуп. Аҭаацәара ныҟәгалатәуп", — иҳәеит Аслан.
Нанба иазгәеиҭоит уаанӡеиԥш инапкымҭақәа рыҭира шымариам, избанзар арахь хыԥхьаӡара рацәала иааргоит китаинтәи зхаҭабзиара лаҟәу, аха зыхәԥсагьы рацәак иҳаракым анапкымҭақәа. Иара иазгәеиҭеит ирҿиамҭақәа Аԥсны асувениртә ҭирҭақәа жәпакы рҿы ишыҟоу. Урҭ даарак ирацәам избанзар ихы иаирхәо атехнологиа ирласны аҟаҵара алнаршом.