Ҳзышьцылам Аԥсны ахсаала

Анапаҵаҩра
XIX-тәи ашәышықәса инаркны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҵарауаа аднаԥхьалон. Sputnik ишәыднагалоит Аԥсны аҭыԥ ссирқәа рҭаара.

Гагра, Пицунда, Аҟәа, Афон Ҿыц изныкымкәа рыӡбахә ҳәан аурыс литератураҿы, асовет фильмқәа рҿы. Аҟәеи Горьки, Есенин, Мандельштам, Искандер, Маиаковски, Стругацки, Паустовски рыхьӡқәа еидҳәалан.

Афон Ҿыц атәы рыҩуан Чехови Алексеи Толстои, Гагра – иалацәажәон Бабели Фурманови. Аладатәи Ешыра игылан асахьаҭыхыҩ Васили Верешьчагин идача. Пицунда дахцәажәон Жиуль Верн.

Ирацәан аԥсуа пеизажқәа аазырԥшуаз акиносахьақәа. Гегтәи аӡхыҽҽараҿ ауп Холмс Мариарти дахьииааиуа, Афон ҿыцтәи аҳаԥаҿ ауп иахьҟьало Том Соиери Бекки Тетчери, ақьафурҭа "Гагрыԥшь" аҿоуп шьыбжьхьа ахьифоз Олег Даль и-принц Флоризель.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны еиҭахгьы ицәырҵуа иалагеит акинофильмқәа рҟны: Карен Шахназаров ифильм "Исчезнувшя империя", Джаник Фаизиев ифильм "Август. Восьмого, Кира Коваленко л-"Софичка", Disney афильм "Последный богатырь" рысценақәак араҟоуп иахьҭыху.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи асасааирҭа "Риҵа". 1929 шықәса, цәыббрамзазы ара дыԥхьон Максим Горьки. 1924 шықәса ажьырныҳәамзазы, Ленин иԥсра иадҳәаланы абрантәи ажәахә ҟаиҵеит Лев Троцки.
Аҟәатәи асасааирҭа Риҵа. - Sputnik Аҧсны
1/18
Аҟәатәи асасааирҭа "Риҵа". 1929 шықәса, цәыббрамзазы ара дыԥхьон Максим Горьки. 1924 шықәса ажьырныҳәамзазы, Ленин иԥсра иадҳәаланы абрантәи ажәахә ҟаиҵеит Лев Троцки.
© Sputnik / Томас ТхайцукАсасааирҭа "Аԥра шкәакәа". Уахьыныҩнало икыдуп 1888 шықәса рзы ара дыԥхьон Чехов ҳәа, аха уи иашам. Антон Павел-иԥа дахьыҟаз асасааирҭа "Франциа" аҿы акәын. Уи амҩа нымҩахыҵ игылан.
Асасааирҭа Аԥра шкәакәа - Sputnik Аҧсны
2/18
Асасааирҭа "Аԥра шкәакәа". Уахьыныҩнало икыдуп 1888 шықәса рзы ара дыԥхьон Чехов ҳәа, аха уи иашам. Антон Павел-иԥа дахьыҟаз асасааирҭа "Франциа" аҿы акәын. Уи амҩа нымҩахыҵ игылан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи амаамынқәа рпитомник. Апитомник аӡбахә иҳәоит имемуарақәа рҿы чилитәи апоет Пабло Неруда.
Аҟәатәи амаамынқәа рпитомник - Sputnik Аҧсны
3/18
Аҟәатәи амаамынқәа рпитомник. Апитомник аӡбахә иҳәоит имемуарақәа рҿы чилитәи апоет Пабло Неруда.
© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи алашарбага. Иара иазкуп Владимир Маиаковски иажәеинраала "Эта книжечка моя про моря и про маяк". Иара убасгьы аӡбахә ҳәоуп Осипа Мандельштам ишәҟәы "Путешествие в Армению" аҟны.
Аҟәатәи алашарбага - Sputnik Аҧсны
4/18
Аҟәатәи алашарбага. Иара иазкуп Владимир Маиаковски иажәеинраала "Эта книжечка моя про моря и про маяк". Иара убасгьы аӡбахә ҳәоуп Осипа Мандельштам ишәҟәы "Путешествие в Армению" аҟны.
© Sputnik / Томас ТхайцукФазиль Искандер аҟәатәи иҩны. Абраҟоуп ашәҟәыҩҩы ихәыҷрашықәсқәа ахьихигаз.
Фазиль Искандер аҟәатәи иҩны - Sputnik Аҧсны
5/18
Фазиль Искандер аҟәатәи иҩны. Абраҟоуп ашәҟәыҩҩы ихәыҷрашықәсқәа ахьихигаз.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи ахԥатәи ашкол. Араҟа аҵара рҵон Иури Воронов, Лавренти Бериа, Фазиль Искандер. Аброуп иахьҭыхыз афильм "Время счастливых находок", 1969 ш.
Аҟәатәи ахԥатәи ашкол - Sputnik Аҧсны
6/18
Аҟәатәи ахԥатәи ашкол. Араҟа аҵара рҵон Иури Воронов, Лавренти Бериа, Фазиль Искандер. Аброуп иахьҭыхыз афильм "Время счастливых находок", 1969 ш.
© Sputnik Владимир БегуновАлада Ешыратәи аԥсаҵлақәа. Асахьаҭыхыҩ Васили Верешьчагин еиҭаҳамҭақәа ирцәынхаз.
Алада Ешыратәи аԥсаҵлақәа - Sputnik Аҧсны
7/18
Алада Ешыратәи аԥсаҵлақәа. Асахьаҭыхыҩ Васили Верешьчагин еиҭаҳамҭақәа ирцәынхаз.
© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАӡиа Риҵа. Владимир Высоцки 1972 шықәса рзы ииҩыз ажәеинраала "Знакомым в Гагру" аҟны аӡбахә ҳәоуп.
Аӡиа Риҵа - Sputnik Аҧсны
8/18
Аӡиа Риҵа. Владимир Высоцки 1972 шықәса рзы ииҩыз ажәеинраала "Знакомым в Гагру" аҟны аӡбахә ҳәоуп.
© Foto / Сергей Прокудин-ГорскийГагра, апринц Ольденбургски ихан. Сергеи Проскудин-Горски иҭыхымҭа. Искандер ироман "Сандро из Чегема" аҟны, Фурманов, Бабель рырҿиамҭақәа рҿы иуԥылоит.
Гагра, апринц Ольденбургски ихан - Sputnik Аҧсны
9/18
Гагра, апринц Ольденбургски ихан. Сергеи Проскудин-Горски иҭыхымҭа. Искандер ироман "Сандро из Чегема" аҟны, Фурманов, Бабель рырҿиамҭақәа рҿы иуԥылоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАсасааирҭа "Россия". Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа 62. Иахьа хатәы нхарҭоуп. 1922 шықәса рзы ара дыԥхьон Сергеи Есенин.
Асасааирҭа Россия - Sputnik Аҧсны
10/18
Асасааирҭа "Россия". Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа 62. Иахьа хатәы нхарҭоуп. 1922 шықәса рзы ара дыԥхьон Сергеи Есенин.
© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи ашьха. Арахь ахалара бзиа ирбон Мандельштами Паустовскии.
Аҟәатәи ашьха - Sputnik Аҧсны
11/18
Аҟәатәи ашьха. Арахь ахалара бзиа ирбон Мандельштами Паустовскии.
© Sputnik Томас ТхайцукПицундатәи ауахәама. Жиуль Верн ироман "Упрямец Керабан" аҟны аӡбахә ҳәоуп. Иара Аԥсны дмааицызт, аха иидыруаз ахыҵхырҭақәа дырхыԥшны дахцәажәеит.
Пицундатәи ауахәама - Sputnik Аҧсны
12/18
Пицундатәи ауахәама. Жиуль Верн ироман "Упрямец Керабан" аҟны аӡбахә ҳәоуп. Иара Аԥсны дмааицызт, аха иидыруаз ахыҵхырҭақәа дырхыԥшны дахцәажәеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАфон ҿыцтәи аҳаԥы. 1980 шықәса рзы Станислав Говорухин араҟа иҭихуан "Приключения Тома Сойера и Геккельбери Финна". Томи Бекки аброуп иахьҟьалогьы.
Афон ҿыцтәи аҳаԥы - Sputnik Аҧсны
13/18
Афон ҿыцтәи аҳаԥы. 1980 шықәса рзы Станислав Говорухин араҟа иҭихуан "Приключения Тома Сойера и Геккельбери Финна". Томи Бекки аброуп иахьҟьалогьы.
© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфон ҿыцтәи аберҭыԥ. Аброуп иахьымҩаԥысуа Алексеи Толстои ироман "Неверный шаг" ахәҭақәа руак.
Афон ҿыцтәи аберҭыԥ - Sputnik Аҧсны
14/18
Афон ҿыцтәи аберҭыԥ. Аброуп иахьымҩаԥысуа Алексеи Толстои ироман "Неверный шаг" ахәҭақәа руак.
© Sputnik Томас ТхайцукГагра, ақьафурҭа "Гагрыԥшь". Иара иаҭаахьан: Бунин, Шалиапин, Бабель, Николаи II. Абраҟоуп шьыбжьхьафара ҳәа дахьтәаз Олег Даль, афильм "Приключения принца Флоризеля" аҟынтәи ифырхаҵа.
Гагра, аресторан Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
15/18
Гагра, ақьафурҭа "Гагрыԥшь". Иара иаҭаахьан: Бунин, Шалиапин, Бабель, Николаи II. Абраҟоуп шьыбжьхьафара ҳәа дахьтәаз Олег Даль, афильм "Приключения принца Флоризеля" аҟынтәи ифырхаҵа.
© Фото : Тенгиз ТарбаГегтәи аӡхыҽҽара. Абраҟа ауп Холмс Мариарти дахьииааиу
Гегтәи аӡхыҽҽара - Sputnik Аҧсны
16/18
Гегтәи аӡхыҽҽара. Абраҟа ауп Холмс Мариарти дахьииааиу
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа, ашахматтә клуби Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аклуби. 1922 шықәса рзы ара иҟан аконтора "Абхазкооперациа". Уаҟа аус иуан Константин Паустовски.
Аҟәа, ашахматтә клуб - Sputnik Аҧсны
17/18
Аҟәа, ашахматтә клуби Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аклуби. 1922 шықәса рзы ара иҟан аконтора "Абхазкооперациа". Уаҟа аус иуан Константин Паустовски.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфон Ҿыц. Асанаториа "Абхазия". 1888 шықәса рзы ара дыԥхьеит Антон Чехов.
Афон Ҿыц, асанаториа Абхазия - Sputnik Аҧсны
18/18
Афон Ҿыц. Асанаториа "Абхазия". 1888 шықәса рзы ара дыԥхьеит Антон Чехов.
Ажәабжьқәа зегьы
0