Аԥсны иазгәарҭоит Ахьыԥшымра Амши Аиааира амши

Аԥсны иазгәарҭоит Ахьыԥшымра Амши Аиааира амши
Аԥсны иазгәарҭоит Ахьыԥшымра Амши Аиааира амши - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны зегьы иазгәарҭоит Ахьыԥшымра Амши Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы 1992-1993 ш. Аиааира Амши.

АҞӘА, жьҭ 9 — Спутник Аԥсны. Ари амш азы аибашьцәа еизаны иргәаладыршәоит 21 шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа, ирҭаауеит анышәынҭрақәа, иргәаладыршәоит ирыцәҭахаз аибашьцәа.

Асааҭ 10:00 рзы иалагоит иҭахаз аибашьцәа рыбаҩқәа ахьамоу Амемориал аҿы ашәҭқәа рнагара. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ахьжу аҭыԥ ахь ихырхәан иргәаладыршәарц инеит «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа», Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны ахада-ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, аԥыза-министр Беслан Быҭәба, Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, аиҳабыра алахәылаҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, Ҭырқәтәылеи Сириеи рҟынтәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа, ауахәама аусзуҩцәа.

Аиааира 21 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Ахьӡ-Апша Апарк аҿы имҩаԥысит Аҟәатәи агарнизон еиҿнакааз апарад.

Аԥсны ахадара аҭааит Ешыра ақыҭа, уаҟа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьаӡатәи ахада В. Г. Арӡынба Имемориалтә комплекс аҿы.

Ахәылбыҽха, асааҭ 19:00 рзы, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 21-шықәса ахыҵра иазку агәырӷьаратә концерт.

Ацхыбжьон асааҭ 22:00 рзы Аҟәа ажәҩын аҵа арлашоит агәырӷьаратә салиут.

Ажәабжьқәа зегьы
0