Иури Коков диԥылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба

Иури Коков диԥылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Иури Коков диԥылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟабарда-Балкариа ахада Иури Коков диԥылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, жьҭ 16 — Спутник Аԥсны. Урҭ алацәажәеит аусуреи аизыҟазаашьа ҿыцқәеи, асоциал-економикатәи, акультуратәи, аҵарадырратәи хырхарҭақәа рыла имҩаԥыргаша аусқәа.

«Ҟабарда-Балкариеи Аԥсни рыжәларқәа реимадара жәытәнатә аахыс иаауеит. Урҭ рыбжьара ишьақәыгылоу аизыҟазаашьақәа аамҭа иаӡрыжәхьеит, наҟ-наҟгьы ишрыцҵахо агәра аагоит»,- азгәеиҭеит Иури Коков.

Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылан иазгәеиҭеит Ҟабарда-Балкариа ауаажәлар Аԥсны аҭынчра ашьақәыргыларазы рлагала ду: «Ҳара иаҳгәалашәоит иаҳзыхьанҭаз ашықәсқәа раан иаҳзыҟашәҵаз ацхыраара».

Ишәгәалаҳаршәоит, Рауль Ҳаџьымба далхуп Аԥсны ахадас изаамҭанымкәа имҩаԥысыз аҳәынҭқарра ахада иалхәрақәа раан нанҳәамза 24 2014 ш.

Ажәабжьқәа зегьы
0